Аԥсны

Жәабран 16 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

Аҟәа агәаҿы ажәытә ӡымҩангага аҿыц ахь ииагатәуп. Абри инадҳәаланы аӡоушьҭра аанкылахоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Ахаша жәабран 16 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Аӡы ҟалом Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешбеи Адыгааи рымҩақәа рҿы, ВИЕМ араиони, ақалақь агәи рҿы асааҭ 00:00 -24:00 рзы жәабран 16 аҽны.
Аҟәа агәаҿы, Дбар имҩа инаркны Аидгылара амҩанӡа ишьҭоу 300 миллиметра зыҭбаара ыҟоу ажәытә ӡымҩангага 315 миллиметра зыҭбаара ыҟоу аҿыц ахь ииагатәуп. Абри инадҳәаланы аӡоушьҭра аанкылахоит.