"Аҟәа араион аҿы иҟоуп 23 аиуристтә хаҿқәа, урҭ ианаамҭоу алашара ахәԥса ршәоит аԥхьаӡагақәа инарықәыршәаны. Уи аганахьала хар змам алҵшәа бзиақәа ҳамоуп, 95% рҟынӡа еизгоуп иаҳхысыз ашықәс азы. Ауааԥсыра ртәы акәзар, аҭагылазаашьа еиӷьзар бзиан. Аԥхьаӡагақәа зегьы ирзықәгылаӡам, урҭ рзы иҳамоуп анормативқәа. Аӡын 600 мааҭ ршәо, аԥхын - 400 мааҭ. Дара 16 шықәса раԥхьа ишьақәыргылан ауаа ирзыманшәалоуп ҳәа. Аха азакәан даҽакала иаҳәоит. Уи инақәыршәаны абонентцәа зегьы ирзықәгылазароуп аԥхьаӡагақәа. Иахьазы арион аҿы иҟоуп 4 000 -ҩык абонетцәа, урҭ рахьынтә аԥхьаӡагақза рзықәгылоуп 2500-ҩык", – ҳәа еиҭеиҳәеит Палаванӡиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.