Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Палаванӡиа алашара ахәԥса ахшәааразы: анормативқәа еиҭарыхәаԥштәуп

Палаванӡиа алашара ахәԥса ахшәааразы: анормативқәа еиҭарыхәаԥштәуп
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы афымцалашаразы аизгақәа рзы иреиӷьу арбагақәа аазырԥшуа араионқәа иреиоуп Аҟәатәи. Уи шалыршахаз атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа арион "Афымцаҭира" аҟәша аиҳабы Аслан Палаванӡиа.
"Аҟәа араион аҿы иҟоуп 23 аиуристтә хаҿқәа, урҭ ианаамҭоу алашара ахәԥса ршәоит аԥхьаӡагақәа инарықәыршәаны. Уи аганахьала хар змам алҵшәа бзиақәа ҳамоуп, 95% рҟынӡа еизгоуп иаҳхысыз ашықәс азы. Ауааԥсыра ртәы акәзар, аҭагылазаашьа еиӷьзар бзиан. Аԥхьаӡагақәа зегьы ирзықәгылаӡам, урҭ рзы иҳамоуп анормативқәа. Аӡын 600 мааҭ ршәо, аԥхын - 400 мааҭ. Дара 16 шықәса раԥхьа ишьақәыргылан ауаа ирзыманшәалоуп ҳәа. Аха азакәан даҽакала иаҳәоит. Уи инақәыршәаны абонентцәа зегьы ирзықәгылазароуп аԥхьаӡагақәа. Иахьазы арион аҿы иҟоуп 4 000 -ҩык абонетцәа, урҭ рахьынтә аԥхьаӡагақза рзықәгылоуп 2500-ҩык", – ҳәа еиҭеиҳәеит Палаванӡиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0