Шоигу Путин урыстәылатәи ар рҽазыҟаҵарақәа шцо атәы изеиҭеиҳәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин дидикылеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Дара алацәажәеит Урыстәылеи Белоруссиеи рҿы имҩаԥысуа ар рҽазыҟаҵара.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Ар рҽазыҟаҵарақәа рыхәҭак хыркәшахоит ишазԥхьагәаҭаз аиԥш хара имгакәа ҳәа Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәыла ахада Владимир Путин изеиҭеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Исҳәоит аҽазыҟаҵарақәа ишрыцҵахо. Урҭ рыхәҭак хыркәшахоит, аха егьырҭ ԥхынҷкәынмзазтәи шәыдҵа инақәыршәаны ихарҭәааны имҩаԥгахоит", - ҳәа иҳәеит Шоигу.

Иахьазы ихадоу ҽазыҟаҵарақәаны мҩаԥысуеит аурыс-белорус аицҽазыҟаҵарақәа "Союзная решимость-2022". Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жәабран 20 рҟынӡа, хықәкысгьы ирымоуп адәныҟатә жәылара аҿагылареи атеррористцәа рқәылара аԥырҟәҟәаареи.
Иарку Амшын еиқәа: Урыстәыла АМФ аманиоврқәа – шәарҭараӡам, игәҽанҵароуп
Иахьазы урыстәылатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит адунеитә океан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы, Мрагылара ахара, атәыла аладеи аҩадеи, Арратә округ хадаҿы.