https://sputnik-abkhazia.info/20220212/iarku-amshyn-eia-urystyla-amf-amaniovra--shararaam-iganaroup-1037549312.html
Иарку Амшын еиқәа: Урыстәыла АМФ аманиоврқәа – шәарҭараӡам, игәҽанҵароуп
Иарку Амшын еиқәа: Урыстәыла АМФ аманиоврқәа – шәарҭараӡам, игәҽанҵароуп
Sputnik Аҧсны
Амшын еиқәа аҿы Урыстәыла Аррамшынтә Флот аҽазыҟаҵарақәа адунеитә океан аҿы урыстәылатәи АМФ инарҭбаау аманиоврқәа ирыхәҭакуп, ихшыҩдоу европатәи... 12.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-12T10:00+0300
2022-02-12T10:00+0300
2022-02-12T14:40+0300
агәаанагара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/1a/1030622636_0:287:3129:2047_1920x0_80_0_0_533264fc91dfd4ae6d3dc63977f805e8.jpg
Амшын еиқәа аӡымҽхакыраҿи иара иаԥну Азовтәи амшын араионқәа рҿи Урыстәыла АМФ аӷба-тактикатә гәыԥқәа жәабран 13-19 рзы ахысрақәа аланы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. АМФ аӡминаԥшаагақәа "амшын минақәа" ԥыржәахьеит, арегионтә-ҵа дрыцқьахьеит, ПВО аусдҵақәа аус рыдырулахьеит. Аӷбаҿагыларатә ҟәаратә комплексқәа "Бастион" (40 ак атехника) Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацә аҟни иарбоу араионқәа рахь инеихьеит аракетала ахысразы.Аӷбақәа, аӡаҵаӷбақәа, аҟәаратә ракетатә комплексқәа еицырзеиԥшу аракетатә еицҭырҟьа 200 ракетахы ыҟоуп акомплексқәа реиҭеиҵаҵаранӡа. Апроект 636.3 "Варшавянка" иатәу аӡаҵатә фымцатә шхәақәа фба ирылшоит аамҭакала 24 ракета "Калибр" ала аицхысра. Иара убриаҟара амҵәыжәҩа змоу аракетақәа аамҭакала ацәҟьарақәа ирзырышьҭыр рылшоит апроект 11356Р иатәу афрегатқәа хԥа.Апроект 21631 "Буян-М" иатәу аракетатә ӷба маҷқәа ԥшьба ахысрақәа ирыцырҵоит аҽа 32 "Калибр", аҟәаратә комплексқәа "Бали" "Бастиони" –амшынтәии адгьылхыхьтәии цәҟьарақәа рҭархара рылшоит 130 ракета рыла. Аракетатә бригадақәа амобилтә ОТРК "Искандер" ала реицҭырҟьа мҩаԥысуеит 270 ракетахы рыла – азеиԥштә ма аиадертә ( 50 килотонна рҟынӡа) – рыла аҭагылазаашьа иаҿырԥшны. Ари аҩыза амчра аҿаԥхьа НАТО Мрагыларатәи Европа игылоу рыр аскаутцәа рлагер ауп изеиԥшу.Амшын еиқәа афлот амчқәеи ахархәагақәеи Аладатәи арратә округ Су-34 аекипажқәеи жәабран 11 азы астратосфераҿ ацәҟьарақәа ҭадырхеит, "аӷа" иҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ирыцәцеит 100 метрактәи аҳаракыраҟны.Амшын еиқәа афлотагыларҭа хадақәа – Севастопольи Новороссииски – имҩаԥган адиверсиаҿагыларатә комплекстә зыҟаҵарақәа 200-ҩык азыҟаҵара ҷыда змоу аррамаҵзурауаа, БПЛА, аԥшыхәраз аӡаҵатә хархәагақәа, амшынхыхьтә ӷбақәа алархәны.Урыстәылатәи амчрақәа NOTAM адырраҭараан иадырбеит аҽазыҟаҵарақәа раан иарку амшынтә раионқәеи аҳауатә ҵакырақәеи. Аха убри аан украинатәи амшынԥшаҳәа аблокада азухоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп.Убри аан, НАТО аичырчарақәа мҩаԥнагар шалшогьы мап узацәкуам – британиатәи аесминец HMS Defender ахҭыс аан аиԥш, аесминец иахьахәҭамыз ианнеи иеихсуан. Иарбан флотзаалак, Амшын еиқәа аӡқәа ирҭало, Урыстәыла аганахь агрессиатә хымҩаԥгашьа аанарԥшуазар, иаарласны иҭархахит.Одесса адесант ирзыԥшупАдесант ӷба дуқәа (БДК) 7000-миль иахысит Балтикатәи амшын аҟынтәи Амшын еиқәа аҟынӡа. Севастопольҟа жәабран 10 рзы инеиит БДК "Королев", "Минск", "Калининград" - Балтикатәи афлот иатәу, БДК "Петр Моргунов", "Георгий Победоносец", "Оленегорский горняк" – Аҩадатәи афлот иатәу. Аӷбақәа рҭаҵәах еиҿыркаауеит, аекипажқәа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа нарыгӡоит. Абри инадҳәаланы Киев ВСУ ааԥхьара анаҭеит Одесса амшынтә десант аӡхыҵра иазыхиахарц.Урыстәыла АМФ аоперациатә лшарақәа рыҿиараҿы БДК рҵакы еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Урыстәылатәи ар Шьамтәыла реибашьра ишьақәнарӷәӷәеит ианаамҭоу ари аибашьыгатә техникеи ианахәҭоуи иахьахәҭоуи иназго ҳаамҭа иақәшәо адесанттә ӷбақәа рхымԥадареи рҵаки.Зыӡбахә ҳәоу "Петр Моргунов" –апроект 11711 иатәу раԥхьатәи асериатә ӷбақәа иреиуоуп. Ари апроект иатәу иҿыцӡоу адесант ӷбақәа ирылшоит 300 мшыншьаҟауаа, 13 танк, 36 БМП, ҩ-верталиотк рышьҭыхра. БДКқәа фба Амшын еиқәаҟны ирылшоит аамҭакала аракета-артиллериала иқәрыцқьоу амшынԥшаҳәахь амшынтә шьаҟауааи, 80 танк ма 200 БМП рнагара.БДК-проект 11711 арбџьар хадақәа – ф-гәыцәк змоу артиллериатә шьақәгылақәа ҩба, згәыцә 30мм иҟоу ашьақәгылақәа АК-630М "Дуэт" ахымцамҩаԥгага арадиолокациатә система "Ласка" ақәыргыланы (4000 метра рҟынӡа араектаҽацәыхьчара алнаршоит, минуҭк ала 10 000 хысра мҩаԥнагоит). Иара убасгьы ирықәыргылахар алшоит аракетатә бџьар 40-фут иҟоу аконтеинрқәа рҿы ("Калибр").Мрагыларатәи Европа аҭынчԥсҭазаара зырхәашо иара аблок НАТО ахаҭоуп.Drangnach Osten 2022Амшын еиқәа арегион аҿы алианс аҟазаара ашықәсқәа рыҩнуҵҟа аҳәаанырцә ар 60% рхыԥхьаӡара иацлеит, амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг мышқәак раԥхьа аҳәамҭа ҟаиҵеит Румыниа аҽа 1000-ҩык ЕАА ар шыргылахо азы. Иацы Румыниа ахада Клаус Иоханниси иареи Констанце абаза "Михаил Когэлничану" иаҭааит. Ари Румыниа иаԥну Молдова бзиарак азаанагараны иҟам.Пентагон 82-тәи аҳауа-десанттә дивизиа Польшаҟа иаарышьҭуеит. Киеви Варшавеи польшатәи ар украинатәи аҵакыраҿы рыргылара иалацәажәоит - Ковеле, Луцке, Стрые, Мукачево аҭыԥқәа рҿы. Украина, Польша, Британиа ду "реидгыла маҷ" аиҿкааразы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит.Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Бухарести егьырҭ европатәи аҳҭнықалақьқәеи рҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟоу ашәарҭарақәа ртәы анрарҳәо ҽырмаҳа ҟарҵоит ма урыстәылатәи адипломатцәа адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рахь инарыԥхьоит "рырҟәышраз".Мраҭашәаратәи "ҳпартниорцәа" акыр ирԥырхагоуп Амшын еиқәа аӡымҽхакыраҿы НАТО атәылақәа рыӷбақәа рыҟазаара аамҭа ԥызкуа Монтрио иконвенциа. Арегион иарбанызаалак ԥҟаррак аҟынтә ахақәиҭтәра – абри ауп америкаа змырҭынчуа, иргәаҳәара дуу.Аха макьаназы аконвенциа изахыкәшом иагьырзаԥыхуам.Алианс аҽазнашәоит арегионалтә дунеи архыџхыџразы – хара имгакәа Украина АМФ иаиуеит британиатәи аӷбаҿагыларатә ракетақәа – инықәсхьоу аха апровакациазы ишьахәу. Иааҟәымҵӡакәа Киев иазаарышьҭуеит агәаҭара иахыжьым америкатәи абџьар. Идырӷәӷәоит амилитаристтә риторика Донбасс аганахь ала. Вашингтон адҵала киевтәи арежим Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа еиҵанаҟьоит.Нормандиатәи аформат ала изаамҭанытәиз аиҿцәажәарақәа рраунд илҵшәаданы еилгеит. Урыстәылатәи аган ахада Сергеи Нарышкин иинформациала, Киев амчра ахархәарала ДжәРеи ЛжәРеи рнапахь аагара агәҭакуп.Иҳәатәуп, Донбасс ишынхо 720 000-ҩык Урыстәыла атәылауаа – Москва аҭынч уааԥсыра гәыгәҭанажьшам.Ибашамашам Аҳәынҭдепартамент ЕАА атәылауаа Украина аҵакыра аанрыжьырц иҟарҵо адҵақәа.Европа аиқәырхараАиашаз Урыстәыла Америкаа Европа иқәнацарц аҭахуп, уа инхо ажәларқәа атермоиадертә еибашьра арцәыхьчаразы. Урыстәыла АМФ аракетатә креисер дуқәа хԥа аамҭакала Адгьылбжьахатә мшын аҟны реицыҟазаара америкатәи "ҳпартнерцәа" (ЕАА АММ 6-тәи афлот) азы игәҽанҵагоуп: Москва шьҭахьҟа ихьаҳәуам, Европантә иааҩуа иарбанызаалак ахысыбжьгьы аҭак анаҭоит.НАТО ар аиҳарак аамҭакьаҿла ақәҵроуп изызҟазоу аӷа иабашьра аасҭа. Вашингтони Бриуссельи рзы аамҭақәак цароуп хырхарҭарацәалатәи адунеи ашьақәгылара аҽаршьцыларазы.Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵахьан Адгьылбжьахатә мшын аҟны аҽазыҟаҵарақәа еснагь имҩаԥгахалоит ҳәа. 140 еибашьыга ӷбеи 10 000-ҩык аруааи злахәу Урыстәыла АМФ рманеврқәа иахьазы ирыҵаркуеит Аҩадатәи амшын, Охоттәи амшын, Атлантикатәи аокеан, аокеан Ҭынч.Москва аӡәгьы иқәмақаруам аха НАТО аҽырҭбаареи арратә активреи Урыстәыла иаҿагыланы аибашьрахь акылгароуп иззырхоу. Адунеи ианыӡаар ҟалоит Вашингтони Бриуссельи.Мраҭашәареи Урыстәылеи реиҿагылара адунеи зегьы азы ишәарҭоуп.Европа иҟоу ЕАА ААМ ркомандаҟаҵаҩ аинрал Џьеффри Харригиан жәабран 10 азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла агрессиа аҭакс НАТО ар адгылаҩцәа рыхьчаразы раагара шазԥхьагәаҭоу – аҳаиртә баӷәаза Рамштаин азыхиоуп уззыԥшымхаша аҭагылазаашьақәагьы ҳәа.The Nation азы истатиаҿы Нобель иаԥхьахә алауреат, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аира Хелфанд иҩуеит: "Аимак Украина аҳәаақәа ирҭысыр, НАТО аибашьра иалагоит, аибашьра иадыԥхьалахоит Арратә мчрақәа риадертә бџьар", - ҳәа.Иԥыхаахоит иахьазы иҟоу америкатәи аинфраструктура. Мызқәак рыҩнуҵҟа ЕАА ауааԥсыра реиҳараҩык ҭахоит амла, аепидемиатә чмазарақәа, ашәахәатә чмазарақәа рҟынтә. Иара абри аҩызаҵәҟьа рзыԥшуп Канадеи европатәи атәылақәа рӷьыраки. Нас иаԥсоума НАТО амилаҭқәа рхалахатәҳәаақәҵараз азин ҳәа ирххо иамоу абри аҩыза аҟалара. Азҵаара ҳәарада ириторикатә зҵаароуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20200708/NATO-abaa-Amshyn-eia-aakyra-ialeit-1030491966.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200521/Amshyneia-Urystyla-imanago-ganratsalati-aazyaaraa-NATO-iaakup-1030177940.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220131/amshyneiat-flot-aazyaaraa-khnarksheit-1037361927.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220128/aar-urystylei-ukrainei-rybzhara-aibashra-ukhakhy-iuzaamgo-akoup-a-irykhaoit-1037321744.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220210/putin-eaa-i-nato-i-asharadaraz-akhdyaraa-azint-azsha-rymany-iararts-alyrshatup-1037511032.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220209/dzhr-aama-anaeit-ukraina-arbarmcha-atsaa-ash-iakhysyr-aak-roueit-a-1037499315.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211124/shoigu-aama-aieit-eaa-abombakazhga-airplana-urystyla-aaay-iratsakho-ialageit-a-1036459101.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Александр Хроленко
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102233/20/1022332024_25:0:172:147_100x100_80_0_0_885639a20a70a4034a2d118f33e55a49.jpg
Александр Хроленко
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102233/20/1022332024_25:0:172:147_100x100_80_0_0_885639a20a70a4034a2d118f33e55a49.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/1a/1030622636_0:0:2729:2047_1920x0_80_0_0_382fa89dd4047c99382ed12d8b2aff9a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Александр Хроленко
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102233/20/1022332024_25:0:172:147_100x100_80_0_0_885639a20a70a4034a2d118f33e55a49.jpg
агәаанагара
Иарку Амшын еиқәа: Урыстәыла АМФ аманиоврқәа – шәарҭараӡам, игәҽанҵароуп
10:00 12.02.2022 (ирҿыцуп: 14:40 12.02.2022) Александр Хроленко
арратә хҳәааҟаҵаҩ
Амшын еиқәа аҿы Урыстәыла Аррамшынтә Флот аҽазыҟаҵарақәа адунеитә океан аҿы урыстәылатәи АМФ инарҭбаау аманиоврқәа ирыхәҭакуп, ихшыҩдоу европатәи "апартниорцәа" имчыдоу рыфлотқәа иамоу алшарақәа дырбароуп иззырхоу.
Амшын еиқәа аӡымҽхакыраҿи иара иаԥну Азовтәи амшын араионқәа рҿи Урыстәыла АМФ аӷба-тактикатә гәыԥқәа жәабран 13-19 рзы ахысрақәа аланы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. АМФ аӡминаԥшаагақәа "амшын минақәа" ԥыржәахьеит, арегионтә-ҵа дрыцқьахьеит, ПВО аусдҵақәа аус рыдырулахьеит. Аӷбаҿагыларатә ҟәаратә комплексқәа "Бастион" (40 ак атехника) Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацә аҟни иарбоу араионқәа рахь инеихьеит аракетала ахысразы.
Аӷбақәа, аӡаҵаӷбақәа, аҟәаратә ракетатә комплексқәа еицырзеиԥшу аракетатә еицҭырҟьа 200 ракетахы ыҟоуп акомплексқәа реиҭеиҵаҵаранӡа. Апроект 636.3 "Варшавянка" иатәу аӡаҵатә фымцатә шхәақәа фба ирылшоит аамҭакала 24 ракета "Калибр" ала аицхысра. Иара убриаҟара амҵәыжәҩа змоу аракетақәа аамҭакала ацәҟьарақәа ирзырышьҭыр рылшоит апроект 11356Р иатәу афрегатқәа хԥа.
Апроект 21631 "Буян-М" иатәу аракетатә ӷба маҷқәа ԥшьба ахысрақәа ирыцырҵоит аҽа 32 "Калибр", аҟәаратә комплексқәа "Бали" "Бастиони" –амшынтәии адгьылхыхьтәии цәҟьарақәа рҭархара рылшоит 130 ракета рыла. Аракетатә бригадақәа амобилтә ОТРК "Искандер" ала реицҭырҟьа мҩаԥысуеит 270 ракетахы рыла – азеиԥштә ма аиадертә ( 50 килотонна рҟынӡа) – рыла аҭагылазаашьа иаҿырԥшны. Ари аҩыза амчра аҿаԥхьа НАТО Мрагыларатәи Европа игылоу рыр аскаутцәа рлагер ауп изеиԥшу.
Амшын еиқәа афлот амчқәеи ахархәагақәеи Аладатәи арратә округ Су-34 аекипажқәеи жәабран 11 азы астратосфераҿ ацәҟьарақәа ҭадырхеит, "аӷа" иҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ирыцәцеит 100 метрактәи аҳаракыраҟны.
Амшын еиқәа афлотагыларҭа хадақәа – Севастопольи Новороссииски – имҩаԥган адиверсиаҿагыларатә комплекстә зыҟаҵарақәа 200-ҩык азыҟаҵара ҷыда змоу аррамаҵзурауаа, БПЛА, аԥшыхәраз аӡаҵатә хархәагақәа, амшынхыхьтә ӷбақәа алархәны.
Урыстәылатәи амчрақәа NOTAM адырраҭараан иадырбеит аҽазыҟаҵарақәа раан иарку амшынтә раионқәеи аҳауатә ҵакырақәеи. Аха убри аан украинатәи амшынԥшаҳәа аблокада азухоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп.
Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит: "Урыстәылатәи аӷбақәа Амшын еиқәа аӡымҽхакыраҿы аманиоврқәа мҩаԥнагоит жәларбжьаратәи амшынтә зин инақәыршәаны", - ҳәа.
Убри аан, НАТО аичырчарақәа мҩаԥнагар шалшогьы мап узацәкуам – британиатәи аесминец HMS Defender ахҭыс аан аиԥш, аесминец иахьахәҭамыз ианнеи иеихсуан. Иарбан флотзаалак, Амшын еиқәа аӡқәа ирҭало, Урыстәыла аганахь агрессиатә хымҩаԥгашьа аанарԥшуазар, иаарласны иҭархахит.
Адесант ӷба дуқәа (БДК) 7000-миль иахысит Балтикатәи амшын аҟынтәи Амшын еиқәа аҟынӡа. Севастопольҟа жәабран 10 рзы инеиит БДК "Королев", "Минск", "Калининград" - Балтикатәи афлот иатәу, БДК "Петр Моргунов", "Георгий Победоносец", "Оленегорский горняк" – Аҩадатәи афлот иатәу. Аӷбақәа рҭаҵәах еиҿыркаауеит, аекипажқәа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа нарыгӡоит. Абри инадҳәаланы Киев ВСУ ааԥхьара анаҭеит Одесса амшынтә десант аӡхыҵра иазыхиахарц.
31 Ажьырныҳәа 2022, 12:17
Урыстәыла АМФ аоперациатә лшарақәа рыҿиараҿы БДК рҵакы еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Урыстәылатәи ар Шьамтәыла реибашьра ишьақәнарӷәӷәеит ианаамҭоу ари аибашьыгатә техникеи ианахәҭоуи иахьахәҭоуи иназго ҳаамҭа иақәшәо адесанттә ӷбақәа рхымԥадареи рҵаки.
Зыӡбахә ҳәоу "Петр Моргунов" –апроект 11711 иатәу раԥхьатәи асериатә ӷбақәа иреиуоуп. Ари апроект иатәу иҿыцӡоу адесант ӷбақәа ирылшоит 300 мшыншьаҟауаа, 13 танк, 36 БМП, ҩ-верталиотк рышьҭыхра. БДКқәа фба Амшын еиқәаҟны ирылшоит аамҭакала аракета-артиллериала иқәрыцқьоу амшынԥшаҳәахь амшынтә шьаҟауааи, 80 танк ма 200 БМП рнагара.
БДК-проект 11711 арбџьар хадақәа – ф-гәыцәк змоу артиллериатә шьақәгылақәа ҩба, згәыцә 30мм иҟоу ашьақәгылақәа АК-630М "Дуэт" ахымцамҩаԥгага арадиолокациатә система "Ласка" ақәыргыланы (4000 метра рҟынӡа араектаҽацәыхьчара алнаршоит, минуҭк ала 10 000 хысра мҩаԥнагоит). Иара убасгьы ирықәыргылахар алшоит аракетатә бџьар 40-фут иҟоу аконтеинрқәа рҿы ("Калибр").
Абас шакәугьы киевтәи арежим ашәарақәа ҵаҵӷә рымам, изаауп. Украина НАТО иалалаанӡа (ма алианс ар Украина аҵакырадгьыл ахь иааиаанӡа) Одесса ҭынч ицәар алшоит.
Мрагыларатәи Европа аҭынчԥсҭазаара зырхәашо иара аблок НАТО ахаҭоуп.
28 Ажьырныҳәа 2022, 09:15
Амшын еиқәа арегион аҿы алианс аҟазаара ашықәсқәа рыҩнуҵҟа аҳәаанырцә ар 60% рхыԥхьаӡара иацлеит, амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг мышқәак раԥхьа аҳәамҭа ҟаиҵеит Румыниа аҽа 1000-ҩык ЕАА ар шыргылахо азы. Иацы Румыниа ахада Клаус Иоханниси иареи Констанце абаза "Михаил Когэлничану" иаҭааит. Ари Румыниа иаԥну Молдова бзиарак азаанагараны иҟам.
Пентагон 82-тәи аҳауа-десанттә дивизиа Польшаҟа иаарышьҭуеит. Киеви Варшавеи польшатәи ар украинатәи аҵакыраҿы рыргылара иалацәажәоит - Ковеле, Луцке, Стрые, Мукачево аҭыԥқәа рҿы. Украина, Польша, Британиа ду "реидгыла маҷ" аиҿкааразы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит.
Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Бухарести егьырҭ европатәи аҳҭнықалақьқәеи рҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟоу ашәарҭарақәа ртәы анрарҳәо ҽырмаҳа ҟарҵоит ма урыстәылатәи адипломатцәа адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рахь инарыԥхьоит "рырҟәышраз".
Мраҭашәаратәи "ҳпартниорцәа" акыр ирԥырхагоуп Амшын еиқәа аӡымҽхакыраҿы НАТО атәылақәа рыӷбақәа рыҟазаара аамҭа ԥызкуа Монтрио иконвенциа. Арегион иарбанызаалак ԥҟаррак аҟынтә ахақәиҭтәра – абри ауп америкаа змырҭынчуа, иргәаҳәара дуу.
Аха макьаназы аконвенциа изахыкәшом иагьырзаԥыхуам.
Алианс аҽазнашәоит арегионалтә дунеи архыџхыџразы – хара имгакәа Украина АМФ иаиуеит британиатәи аӷбаҿагыларатә ракетақәа – инықәсхьоу аха апровакациазы ишьахәу. Иааҟәымҵӡакәа Киев иазаарышьҭуеит агәаҭара иахыжьым америкатәи абџьар. Идырӷәӷәоит амилитаристтә риторика Донбасс аганахь ала. Вашингтон адҵала киевтәи арежим Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа еиҵанаҟьоит.
Нормандиатәи аформат ала изаамҭанытәиз аиҿцәажәарақәа рраунд илҵшәаданы еилгеит. Урыстәылатәи аган ахада Сергеи Нарышкин иинформациала, Киев амчра ахархәарала ДжәРеи ЛжәРеи рнапахь аагара агәҭакуп.
Иҳәатәуп, Донбасс ишынхо 720 000-ҩык Урыстәыла атәылауаа – Москва аҭынч уааԥсыра гәыгәҭанажьшам.
Ибашамашам Аҳәынҭдепартамент ЕАА атәылауаа Украина аҵакыра аанрыжьырц иҟарҵо адҵақәа.
Аиашаз Урыстәыла Америкаа Европа иқәнацарц аҭахуп, уа инхо ажәларқәа атермоиадертә еибашьра арцәыхьчаразы. Урыстәыла АМФ аракетатә креисер дуқәа хԥа аамҭакала Адгьылбжьахатә мшын аҟны реицыҟазаара америкатәи "ҳпартнерцәа" (ЕАА АММ 6-тәи афлот) азы игәҽанҵагоуп: Москва шьҭахьҟа ихьаҳәуам, Европантә иааҩуа иарбанызаалак ахысыбжьгьы аҭак анаҭоит.
НАТО ар аиҳарак аамҭакьаҿла ақәҵроуп изызҟазоу аӷа иабашьра аасҭа. Вашингтони Бриуссельи рзы аамҭақәак цароуп хырхарҭарацәалатәи адунеи ашьақәгылара аҽаршьцыларазы.
Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵахьан Адгьылбжьахатә мшын аҟны аҽазыҟаҵарақәа еснагь имҩаԥгахалоит ҳәа. 140 еибашьыга ӷбеи 10 000-ҩык аруааи злахәу Урыстәыла АМФ рманеврқәа иахьазы ирыҵаркуеит Аҩадатәи амшын, Охоттәи амшын, Атлантикатәи аокеан, аокеан Ҭынч.
Москва аӡәгьы иқәмақаруам аха НАТО аҽырҭбаареи арратә активреи Урыстәыла иаҿагыланы аибашьрахь акылгароуп иззырхоу. Адунеи ианыӡаар ҟалоит Вашингтони Бриуссельи.
Мраҭашәареи Урыстәылеи реиҿагылара адунеи зегьы азы ишәарҭоуп.
Европа иҟоу ЕАА ААМ ркомандаҟаҵаҩ аинрал Џьеффри Харригиан жәабран 10 азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла агрессиа аҭакс НАТО ар адгылаҩцәа рыхьчаразы раагара шазԥхьагәаҭоу – аҳаиртә баӷәаза Рамштаин азыхиоуп уззыԥшымхаша аҭагылазаашьақәагьы ҳәа.
The Nation азы истатиаҿы Нобель иаԥхьахә алауреат, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аира Хелфанд иҩуеит: "Аимак Украина аҳәаақәа ирҭысыр, НАТО аибашьра иалагоит, аибашьра иадыԥхьалахоит Арратә мчрақәа риадертә бџьар", - ҳәа.
Аҵарауаҩ иазԥхьагәаҭарала аԥхьатәи сааҭыбжак аҩнуҵҟа ЕАА 78 миллионҩык ауааԥсыра ҭахоит Урыстәыла иамоу аиадертә хқәа 3500 рҟынтәи 300 ахы ианархәаргьы.
Иԥыхаахоит иахьазы иҟоу америкатәи аинфраструктура. Мызқәак рыҩнуҵҟа ЕАА ауааԥсыра реиҳараҩык ҭахоит амла, аепидемиатә чмазарақәа, ашәахәатә чмазарақәа рҟынтә. Иара абри аҩызаҵәҟьа рзыԥшуп Канадеи европатәи атәылақәа рӷьыраки. Нас иаԥсоума НАТО амилаҭқәа рхалахатәҳәаақәҵараз азин ҳәа ирххо иамоу абри аҩыза аҟалара. Азҵаара ҳәарада ириторикатә зҵаароуп.