Аԥсны

Урыстәылатәи артиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дҭадырхеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ иатәу зқьи хәышәҩык аруаа, иара убас ахархәара аҭан 300 ак рҟынӡа арратә техника.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аладатәи арратә округ артиллеристцәа зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа" ала Аԥсны ашьхараҿы ахысрақәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит арратә база апресс-маҵзура.
Ауснагӡала иарбаз аҽазыҟаҵарақәа рҿы артиллеристцәа ашьхараҿы "аӷацәа" иртәыз ацәҟьарақәа ирықәкны ихысуан.
Аруаа хысуан зхала иныҟәо 152 мм иҟоу артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа" ала.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит ишәарҭоу атанктә цәаҳеи ашьха хырхарҭалеи. Аррамаҵзурауаа иҭадырхеит аԥшыхәратә-адҵаҟаҵаратә ҭыԥи 15 километр инахараны иҟаз аӷа икәылӡтехникеи.
Артиллеристцәа аӷа ихырӷәӷәарҭақәа абзырбзанқәа рыжәҵаны иҭадырхеит.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу ААО аррамаҵзурауаа жәларбжьаратәи арратә еицлабрақәа АрМИ-2022 рҽырзыҟарҵоит