АҞӘА, жәабран 16– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ицәыргақәҵа мҩаԥгахоит акультура-усутә платформа "Гума" аҿы. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аплошьчадка ахылаԥшҩы Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит Леуарса Быҭәба иира амш аҽны.
Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа амҩаԥгара еиҳаракгьы ҵаҵӷәыс иамоу асахьаҭыхыҩ ирҿиамҭақәа збахьоу ахьырацәам ауп.
"Ари асахьаҭыхыҩ ирҿиамҭа згәаҵанӡа имнеиуа маҷуп. Ҳара иаҳҭаххеит урҭ еизганы ауаа идҳарбарц, избанзар избахьоу рацәаҩым. Леуарса Быҭәба ҳаамҭаз иналукааша сахьаҭыхҩын. Игәыхьуп иԥсҭазаара ахькьаҿхаз", - лҳәеит Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Акультуратә плошьчадка агәыԥ Леуарса иҭаацәеи аизгаҩцәеи рахь аҳәара ҟарҵеит асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа рырҭарц.
“Ари ҳараҳзы игәадуроуп. Ацәыргақәҵа здаҟам хҭысхоит, избанзар ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоу арҿиамҭақәа шамахамзар ауаа рацәа ирбом. Аиҳарак абри азы ҳуааԥсыра рахь ааԥхьара ҟасҵоит ироуа алшара рхы иадырхәарц. Ишаадыруа ала Леуарса Быҭәба аҵыхәтәантәи ицәыргақәҵа мҩаԥган иԥсҭазаара далҵаанӡа 2004 шықәсазы", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Ацәыргақәҵа мышкоуп ианымҩаԥысуа. Иаадыртуеит асааҭ 13:00 рзы. Ацәыргақәҵахь инагахоит 20 усумҭа рҟынӡа, аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аԥша" аескизқәа назлоу.