Путин ДЖәРи ЛЖәРи ареспубликақәа разхаҵаразы Аҳәынҭқарратә Дума аашьҭымҭа иоуит

Аҳәынҭқарратә дума аҩаша атәыла ахада изынанашьҭит донбасстәи ареспубликақәа разхаҵаразы ашәҟәы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ДЖәРи ЛЖәРи ареспубликақәа разхаҵаразы Аҳәынҭқарратә Дума аашьҭымҭа иоуит ҳәа аҩуеит РИА Новости ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Песков иҳәеит ари аганахь ала хҳәаак шыҟаҵам.

"Аха Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, Украина алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара ацхраара шхымԥадатәиу, уи алыршара шыҟало минсктәи ауснагӡатәқәа рықәныҟәарала ҳәа", - иҳәеит иара.

Песков игәаанагарала адокумент —апарламент алахәылацәеи ауаажәлари ргәаанагара аанарԥшуеит.
Ареспубликақәа рхадацәа Денис Пушилини Леонид Пасечники Аҳәынҭдума ахымҩаԥгашьа агәахәара рнаҭеит. Путин Германиа аканцлер Олаф Шольц иԥылара ашьҭахьтәи апресс-конференциаҿ иҳәеит Москва арегион ауадаҩрақәа рыӡбра ишазыхиоу, иазгәеиҭеит минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа аԥыжәара шрыҭатәу.
Аҳәынҭқарратә Дума ДЖәРи ЛЖәРи разхаҵаразы ақәҵара апроект Путин изынанашьҭуеит