Столтенберг: НАТО азхиоуп Урыстәылеи иареи реиҿцәажәара ацҵара

Украина аҭагылазаашьа аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟа еиҳа ихьанҭоу кризисны ахә шьоуп Европа иахьаҵанакуа. Аганқәа реиҿцәажәара хымԥадатәуп аибашьратә еиҿагыларахь анамгаразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Аҩада Атлантикатәи аиҿкаара иҟанаҵаз ажәадгалақәа рзы Москва аҭак иазыԥшуп, аиҿцәажәара амҩаԥгарагьы иазыхиоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иажәақәа шьаҭас иганы.

"Ҳара аиҿцәажәара ҳазхиоуп. Ашәарҭадараз ҳажәалагалақәа Москва иазынаҳашьҭит. Уажәы аҭак ҳазыԥшуп. Аиҿцәажәара амҩаԥгаразы ҳаартуп", - ҳәа иҳәеит Столтенберг.

Ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Урыстәыла иакьыԥхьит Еиду Америкатәи аштатқәеи НАТО-и дареи ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы реиқәшаҳаҭра апроект. Уи аҟны Москва ҷыдала ианнаҵеит мраҭашәаратәи рпартниорцәа уаанӡатәи асовет тәылақәеи дареи рырратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи Америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц, НАТО мрагыларахь аҽшамырҭбаауазы ахәдықәҵара ҟанаҵарц, Қырҭтәылеи Украинеи алианс иалагаламхарц. Иазгәанаҭеит алианс Мрагыларатәи Европаҿы 1997 шықәсатәи апозициа иазыхынҳәыроуп ҳәа. Аамҭақәак рышьҭахь ЕААи НАТОи Москва иазынарышьҭит Урыстәыла ажәалагалақәа рзы аҭак – ажәадгалақәа мап рыцәкны.
Путин Донбасс имҩаԥысуа геноцидуп ҳәа ахиҳәааит
Урыстәыла изныкымкәа агәынамӡара аанарԥшхьеит еиҟароу ашәарҭадара апринципқәа мраҭашәара ишаднакыло азы, иагьазгәанаҭоит Москва азы аԥыжәара змоу азҵаарақәа хазны ирыхәамԥшларц.
Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы Мраҭашәара иҟанаҵаз аҭак Урыстәыла 10 даҟьак иҟоу азхьаԥшра анаҭеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟтәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи реиԥылараан.