Путин Донбасс имҩаԥысуа геноцидуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в форуме "Россия зовет!"
Президент РФ В. Путин принял участие в форуме Россия зовет! - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Анапаҵаҩра
Москва имҩаԥысит Урыстәыла ахада Владимир Путины Германиа аканцлер Олаф Шольцы реиԥылара.
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Урыстәылеи Германиеи реиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциаҿ Владимир Путин Донбасс имҩаԥысуа геноцидуп ҳәа ахиҳәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо Путин иҳәеит, иара иқәра иаҵанакуа ауаа Европа аҵакыраҿы НАТО Иугославиа аганахь ала ихнартыз аибашьра иашаҳаҭцәоуп.
Олаф Шольц иазгәеиҭеит Украина иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа Иугославиатәи аҭагылазаашьа еиԥшым, избанзар уа агеноцид ашәарҭара ыҟан ҳәа.
"Ҳара ҳгәаанагарала иахьа Донбасс имҩаԥысуеит агеноцид ҳәа ззуҳәаша", - иҳәеит Путин.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Украина хыԥхьаӡара рацәала ауаа рзинқәа шеиларго, аурысбызшәала ицәажәо ауааԥсыра адискриминациа шырзыруа.
Донецктәии Лугансктәи ареспубликақәа разхаҵаразы Аҳәынҭқарратә Дума апроект далацәажәо Владимир Путин иҳәеит адепутатцәа ралхыҩцәа ргәаанагара ишазхьаԥшыз, Урыстәыла аиҳараҩык Донбасс ауааԥсыра шрыцҳаршьо.
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Аҳәынҭқарратә Дума ДЖәРи ЛЖәРи разхаҵаразы ақәҵара апроект Путин изынанашьҭуеит
Олаф Шольц арҭ ареспубликақәа рсуверенитет азхаҵара аус "политикатә катастрофоуп", Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа еиланагоит ҳәа ахиҳәааит.
Аполитикцәа рҩыџьагь ражәақәа рыла, дара хықәкыс ирымоу Европа аибашьра алмыршароуп. Аха иахьа иҟоу акризис ажәашықәсақәа раахыс ишшәарҭоу шеицызхарҵогьы, ари азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы ргәаанагарақәа хаз-хазуп.
Германиа аканцлер иҳәеит аиҿцәажәара аҵак ду аманы ишыҟоу.
Урыстәыла ԥхьаҟатәи аҽазышәарақәа Европа ашәарҭадара азҵаара аҭышәныртәалара иазырхахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0