Аԥсны

Апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны COVID-19 аҟынтәи 18 нызқьҩык алаҵа ҟарҵахьеит

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 49 881-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 41 066-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 628-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсны апандемиа ҵысижьҭеи алаҵа ҟарҵахьеит 18 000-ҩык ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.

Иазгәаҭоуп, 2021 шықәса абҵара 18 инаркны 2022 шықәса жәабран 17 рҟынӡа COVID-19 аҟынтәи "Спутник V" алаҵа шыҟарҵахьоу 4 046-ҩык.

Ҿыц иаагоу "Спутник Лайт" апартиа ала жәабран 14 инаркны 17 рҟынӡа алаҵа ҟарҵахьеит 525-ҩык. Апандемиа иалагазар "Спутник Лайт" ала зынӡа алаҵа ҟарҵахьеит 7 454-ҩык.