АҞӘА, жәабран 17- Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2022 шықәса жәабранмзатәи аграфик еиқәнаршәеит.
Жәабранмзатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, жәабран 16, 17 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа.
Жәабран 18, 19 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз.
Жәабран 22, 23, 24 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз.
Жәабран 24, 25 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Жәабран 28, хәажәкыра 1 рзы - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Жәабран 2 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.