АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 538-ҩык, урҭ рахьтә 305-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уахыки-ҽнаки рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус злаз ԥшьҩык ачымазцәа: 84, 55, 84, 72 шықәса зхыҵуаз ахацәа. Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 87 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 87-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 69-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 32-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 22-а ачымазцәа.