Песков: Урыстәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа зегьы еилыккоуп

Мраҭашәара аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла Украина аибашьра аҽазыҟанаҵоит ҳәа агәаанагара азцәырҵуеит. Кремль изныкымкәа ари аҿаԥнаҽхьеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа зегьы еилыккоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков, урыстәылатәи ар рҽазыҟаҵарақәа дрылацәажәо.
"Имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа зегьы еилыкка иҟоуп, убри аҟнытә егьырҭ атәылақәа рҟазауаа уи ус шакәу рбарҭоуп...уи азы аӡәгьы цәшәара имамзароуп", - ҳәа иҳәеит иара ажурналистцәа рҭак ҟаҵо.
Асабша, Урыстәыла ахада Владимир Путин инапхгарала имҩаԥысраны иҟоуп астратегиатә нкылара амчқәа рҽазыҟаҵарақәа, абаллистикатәии амҵәыжәҩа змоу аракетақәа рҭырҟьареи ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит Аҳауа-космостә мчрақәа, Аладатәи арратә округ, астратегиатә ҟазшьа змоу Аракетатә ар, Аҩадатәии Амшынеиқәатәии афлотқәа.
Урыстәыла ААР арратә ҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥысуа атәы аҳәеит