Урыстәыла ААР арратә ҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥысуа атәы аҳәеит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинобороны объявило о начале отвода войск после учений
Минобороны объявило о начале отвода войск после учений - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Анапаҵаҩра
Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь еснагьтәи ргыларҭа иазыхынҳәит, аха Мрагыларатәи арратә округ аҟәшақәак макьанагь Белоруссиа аҵакыраҿы иаанхоит.
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Белоруссиеи Урыстәылеи еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа мзызс ирымоу Украинеи Мрагыларатәи Европеи абџьарла иахьеиқәдыршәо ауп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа шьаҭас иааганы.
"Избан Урыстәыла ахатә ҵакыраҿы аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥнаго? Оумашәа ибатәума? Агәыларатә ҳәынҭқарраҿы аконституциа иаҿагыло аусқәа мҩаԥыргоит, аҩнуҵҟатәи апроблемақәа змоу атәыла бџьарла идырҭәхьеит", - ҳәа лҳәеит Захарова абрифинг аҿы.
Аофициалтә хаҭарнак иазгәалҭеит ԥхьаҟа ари абџьар аҭыԥантәи акриминалтә гәыԥқәа ирымԥыхьашәар шалшо. Илҳәеит иҟоу аҭагылазаашьа еибарххаҿы цқьа иазымхәыцкәа шьаҿак ҟарҵар, амца хәыҵнарҟьар шауа.
Совместные учения России и Белоруссии Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Шоигу Путин урыстәылатәи ар рҽазыҟаҵарақәа шцо атәы изеиҭеиҳәеит
Урыстәыла ААР иазгәанаҭоит Москва агәыларатә ҳәынҭқарра ақәлара агәы ишҭам, мраҭашәаратәи аполитикцәа имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа рзы рҳәамҭақәа бжьахәаахәҭроуп ҳәа.
Аицҽазыҟаҵарақәа "Союзная решимость — 2022" рымҩаԥгаразы аӡбара рыдыркылеит Владимир Путини Александр Лукашенкои. Аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкуп адәныҟатә агрессиеи атеррористцәа ржәылареи раԥырҟәҟәаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0