Роспотребнадзор "омикрон" ахҟьаԥҟьақәа ахәшьара анаҭеит

Аҟазауаа ргәаҭарала омикрон-штамм еиҳа иҿкуп, аха еиҳагьы имарианы ауаҩы ихигоит. Убри аан алаҵа змоугьы уаанӡа ичмазаҩхахьазгьы ишьҭыркаауеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. "Омикрон" ашьҭахь ауаҩы иҭагылазаашьа егьырҭ аштаммқәа рышьҭахь аиԥшҵәҟьа ацәеижь ианырыр ҟалоит ҳәа иҳәеит Роспотребнадзор аепидемиологиатә Центр адиректор ихаҭыԥуаҩ, РАН алахәыла-корреспондент Александр Горелов.
"Ачымазара ахаҭа уадаҩымкәа иухугоит аха ахҟьаԥҟьақәа уаанӡатәи аштаммқәа раан иҟаз аҭагылазаашьа рныԥшуиет" ҳәа иҳәеит Горелов МИА "Россия сегодня" аҿы имҩаԥысуаз онлаин-конференциаҿ.
Иара иҳәеит, авирус адуцәагьы ахәыҷқәагьы анырра шырнаҭо.
"Амзыз еилкаауп - агенетикатә фактор. Авирус ацәеижь асистемақәа зегьы аҽрыднаҵоит, ашьадатә системеи аҩнуҵҟатәи арҳәарахи. Аҿкра ашьҭахь ауаҩы ицәа иалаз ачымазарақәа рхы цәырыргоит", - иҳәоит Горелов.
Аҳақьым "омикрон" аҩны ушыҟоу ишыхәышәтәтәу далацәажәеит
Иара иҳәеит, авирус ахшыбаҩгьы иаԥырхагахар шауа. Убри азы акоронавирус змаз уи реиҳараҩык ирныԥшуеит.
"Уаанӡа, ковид ашьҭахь 2-4 мзы рышьҭахь ишьақәгылоит ҳәа иҳаԥхьаӡозар, уажәы иаабоит шықәсык аҟынӡа еиуеиԥшым ахьаақәа рцәырҵра", - ҳәа азгәеиҭеит Горелов.
Акоронавирус зхызгаз ауаа рдиспансеризациатә программа иалагалазароуп аҭҵаара ҷыдақәа, иҟоу аиҭакрақәа шьақәзыргыло ҳәа. Ареабилитациатә программа аиҳарак иаҵанакуеит ахәшәтәратә баҩырҵәыра, аԥсыԥгаратә гимнастика, афизиотерапиа.
Аҵарауаҩ "омикрон" ахәыҷқәа рҟны аҽшаанарԥшуа иҳәеит