https://sputnik-abkhazia.info/20220217/aaym-omikron-any-ushyou-ishykhyshttu-dalatsazheit-1037624425.html
Аҳақьым "омикрон" аҩны ушыҟоу ишыхәышәтәтәу далацәажәеит
Аҳақьым "омикрон" аҩны ушыҟоу ишыхәышәтәтәу далацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Акоронавирус омикрон-штамм, ма B.1.1.529, Ботсванеи Аладатәи Африкеи иазгәарҭеит абҵарамзазы. 17.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-17T17:51+0300
2022-02-17T17:51+0300
2022-02-18T12:25+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/16/1036873176_0:153:3097:1895_1920x0_80_0_0_8517ebaa43dedcb71a4104c7a6b97352.jpg
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аҳақьым, ателемҩаԥгаҩы Евгени Комаровски "омикрон" аҩны ушыҟоу ишырхәышәтәуа далацәажәеит.Иара иҳәеит аҩны ухы ишааҭашәалак антибиотикқәеи егьырҭ ахәшәқәеи рыдкылара ҟалом ҳәа."Иҟаҵатәузеи? Раԥхьа иргыланы уааҟәымҵзакәа ушьҭазар аҭахым, аха уааԥсо ма ушьшьылаҳауа уҟазар, унықәиар алшоит. Аха шәхы ԥсыҽны ишәымбозар, зегь иреиӷьу аныҟәароуп, анеиааироуп", - ҳәа иҳәоит аҳақьым YouTube-канале аҿтәи иролик аҿы.Иара иажәақәа рыла, аԥсыԥлагаҩагаратә система еиҳа еиӷьны аус ауеит уҽыриашаны уангылоу."Акрыфара шәҭахымзар, ишәымфан. Ишәҭахызар - бааӡатәык шәфа, иласу акы", - ҳәа иҳәеит иара.Убри аан аӡыжәра аҭахуп. Иагьмаҷымкәа. Ишәҭаху ишәҭахыму шәамыхәаԥшкәа. Аӡы ашьа анырра анаҭоит. Комаровски иажәақәа рыла, еиҳа еиӷьны ишьоуп уцәеижь аԥхарра иақәшәо аԥхарра змоу арыжәтәқәа ужәуазар.Комаровски иажәақәа рыла, ацәаакыра 40-60% рҟынӡа иҟазароуп.Омикрон-штамм 142 тәыла рҿы иазгәаҭоуп Урыстәылеи Аԥсни налаҵаны.
https://sputnik-abkhazia.info/20220216/urystyla-agabziarakhcharra-amintstrra-ashaakheit-covid-19-azy-alaa-yts-aaara-1037621410.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/16/1036873176_182:0:2913:2048_1920x0_80_0_0_b03600fb5b30fde15451cf0f61e89190.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҳақьым "омикрон" аҩны ушыҟоу ишыхәышәтәтәу далацәажәеит
17:51 17.02.2022 (ирҿыцуп: 12:25 18.02.2022) Акоронавирус омикрон-штамм, ма B.1.1.529, Ботсванеи Аладатәи Африкеи иазгәарҭеит абҵарамзазы.
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аҳақьым, ателемҩаԥгаҩы Евгени Комаровски "омикрон" аҩны ушыҟоу ишырхәышәтәуа далацәажәеит.
Иара иҳәеит аҩны ухы ишааҭашәалак антибиотикқәеи егьырҭ ахәшәқәеи рыдкылара ҟалом ҳәа.
"Иҟаҵатәузеи? Раԥхьа иргыланы уааҟәымҵзакәа ушьҭазар аҭахым, аха уааԥсо ма ушьшьылаҳауа уҟазар, унықәиар алшоит. Аха шәхы ԥсыҽны ишәымбозар, зегь иреиӷьу аныҟәароуп, анеиааироуп", - ҳәа иҳәоит аҳақьым
YouTube-канале аҿтәи иролик аҿы.
Иара иажәақәа рыла, аԥсыԥлагаҩагаратә система еиҳа еиӷьны аус ауеит уҽыриашаны уангылоу.
"Акрыфара шәҭахымзар, ишәымфан. Ишәҭахызар - бааӡатәык шәфа, иласу акы", - ҳәа иҳәеит иара.
Убри аан аӡыжәра аҭахуп. Иагьмаҷымкәа. Ишәҭаху ишәҭахыму шәамыхәаԥшкәа. Аӡы ашьа анырра анаҭоит. Комаровски иажәақәа рыла, еиҳа еиӷьны ишьоуп уцәеижь аԥхарра иақәшәо аԥхарра змоу арыжәтәқәа ужәуазар.
"Аҳауа цқьазароуп. Ауада аԥша ҩнарслатәуп. 20 градус еиҳамзар бзиоуп. Иара убасгьы ауадаҿ аҳауацәаакыра иахылаԥшлатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Комаровски иажәақәа рыла, ацәаакыра 40-60% рҟынӡа иҟазароуп.
Омикрон-штамм 142 тәыла рҿы иазгәаҭоуп Урыстәылеи Аԥсни налаҵаны.