Аԥсны

Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп даҽа 226-ҩык

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 50 412-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 42 006 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 635-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 497-ҩык, урҭ рахьтә 226-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уахыки-ҽнаки рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус злаз ҩыџьа ачымазцәа: 71шықәса зхыҵуаз ахацеи 70 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 86-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 58-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 35-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 11-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 21-ы ачымазцәа.