Аԥсны

Аԥсуа театр аспектакль "Сариа" ахәаԥшцәа ишыднарбо азы алаҳәара ҟанаҵеит

Аспектакль аԥхьарбара ахыго иааргон акоронавирус азы аԥкрақәа рымшала атеатрқәа ахьаркыз инамаданы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы ҳәа аанацҳауеит атеатр.
Аспектакль лызкуп Сталин ирепрессиақәа ирыхәхаз Нестор Лакоба иусқәа зегьы рҿы адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа.
Аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа аҟабарда поетесса, адраматург Зарины Канукова лысценари ала. Сценографс дамоуп асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба.
Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа.
1936 шықәса рзы Аԥсны Жәлар ркомиссарцәа рхеилак (Совнарком) ахантәаҩы Нестор Лакоба иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Уи ҟалеит Лавренти Бериеи иареи реимак ашьҭахь. Аҵарауаа аӡәырҩы изларԥхьаӡо ала, Нестор Лакоба ашҳам иҭан дшьын Бериа иҩны уаххьафараан.
Аԥсны
Ажәлар рыгәрагаҩы: Нестор Лакоба игәалашәара иазкны
Аамҭақәак рышьҭахь Лакоба "ажәлар раӷа" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәса рзы дҭаркит иара иԥшәма Сариа. Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан, аха лара акы дацәымшәакәа уи мап ацәылкуан.
Сариа Лакоба 35 шықәса роуп инылҵыз. Лара лыԥсҭазаара далҵит Қарҭ Орточалтәи абахҭаҿы дахьдыргәаҟуази насгьы илыхьыз ашыӡи ирыхҟьаны.
"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори