Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәлар рыгәрагаҩы: Нестор Лакоба игәалашәара иазкны

© Foto / Всемирный абхазо-абазинский конгрессНестор Лакоба
Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ Нестор Лакоба ашҳам иҭаны дҭархан ԥхынҷкәын 28 1936 шықәсазы.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik.
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны иналукааша Аҳәынҭқарратә усзуҩын. Аԥсуа большевикцәа раԥхьагылаҩ, март 1921 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа большевикцәа анықәырца, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла нахыс, усҟан 29 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакоба ажәлар драԥхьагылаҩны дыԥхьаӡан. Нестор Лакоба иҭахын Аԥсны Қырҭтәыла алгара, уи дазықәԥон.
Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит
"Нестор Лакоба дзыниоз аԥынгылақәа дыриааиуан, апатриот ду еилырганы идыруан итәыла аиқәырхара, ижәлар ииашоу амҩахь ркылгара шхадараз, уи иацыз аҭакԥхықәра ихахьы игон", - ҳәа азгәалҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Альдона Салаҟаиа.
Нестор Лакоба иԥсҭазаара зегьы зызкыз Аԥсны аизҳазыӷьра акәын. Иара еснагь дазықәԥон ақырҭуа большевикцәа Аԥсны ралцара, урҭ имҩаԥыргоз аполитика аҿагылара. Сталини иареи ирыбжьаз аизыҟазаашьа бзиақәа ирылҵшәаны, аамҭаказы идгылан Москва аусура далагарц, аха мап ацәикит. Шықәсык ашьҭахь, ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәса азы Нестор Лакоба Тифлис асасааирҭаҿы иаалырҟьаны идунеи иԥсахит.

"Нестор Лакоба иҭархара иамоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа, аха сара агәра ганы сыҟоуп уи Бериа инапала дышҭырхаз. Бериа иан мчыла Нестор аҩныҟа даалыԥхьоит, бзиа иубо аԥсыӡ сӡуеит ҳәа, ачеиџьыка еилаганы, ашҳам иҿалҵоит. Иазгәаҭатәуп, уи амш шьаарҵәыра атәы лныруазшәа, Нестор иарӷьажәҩа Сариа Лакоба лыԥшәма дицны дцарц лҭахын, аха иара имуит, хьчаҩыс бышьҭысхуашәа, ажәлар иахьырбо сланырҟәуеит ҳәа, ихала амҩа дықәлеит. Абасала, ажәлар рыгәрагаҩы иԥсҭазаара ҿахырҵәеит", - ҳәа азгәалҭоит Альдона Салаҟаиа.

Нестор иҭархара атәы заҳаз ажәлар хыҵны, иԥсыбаҩ аазгоз адәыӷба иаԥыларц еизеит Кьалашәыр адәыӷба аанҿасарҭаҿы.
"Нестор Лакоба иҭахара згәы иалсыз зықьҩыла ауаа еизеит, ажәлар разықәԥаҩ дызҭахыз, имҩаԥигоз аполитика иадгылоз рацәаӡан", - ҳәа азгәалҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Альдона Салаҟаиа.
Нестор иԥсыбаҩ анаарга, иԥшәмаԥҳәыс Сариа маӡала аҳақьым диԥхьеит. Аԥсы данԥырҟа ирбарҭахеит ашҳам – ациантә кали шилаз. Насшәа еилкаахеит уи ахьынтәаанагазгьы. Нестор имашьынарныҟәцаҩ еиҭеиҳәеит Лавренти Бериа иҩнаҟынтәи данигоз Нестор "сыршьит" ҳәа ажәазаҵәык шиҳәаз.
Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2019
"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори
Нестор Аполлон-иԥа Лакоба диит лаҵарамза 1, 1893 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны иҵарадырра хацыркын, анаҩс ауахәаматә школ аҟны. 1905 шықәсазы, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакоба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Анцәахаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа дрыцәтәымын, иара изааигәан ареволиуциа иадҳәалаз зегьы. Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакоба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.
Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакоба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. 1917 шықәсазы иаԥиҵеит "Кьараз". 1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара. Иара уи ашықәс анҵәамҭазы, дызхагылаз ареволиуциатә усмҩаԥгатәқәа рзы абахҭа дҭаркуеит.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930 шықәса рзы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс, Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакоба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит.
Нестор Лакоба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден Асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ  Ардашьан Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2016
1920 шықәса рзы Нестор Лакоба Ҭырқәтәыла иаҭаара
Ажәабжьқәа зегьы
0