Аԥсны

Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Санкт-Петербург ачемпионат аҿы аиааира ганы, еизгоу акоманда иалалеит

Асабша Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит зых иақәиҭу аиқәԥарзы аԥхьахәгарахь анеиразы алԥшааратә чемпионат.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа Инал Берзениеи Денис Қәаранӡиеи аԥхьахәқәа ргеит зых иақәиҭу аиқәԥаразы Санкт-Петербург ачемпионат аҿы, убри алагьы ақалақь еизгоу акоманда иалалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан жәабран 19 рзы, урҭ рылҵшәақәа рыла Урыстәыла ачемпионат иақәшәо алырԥшаауан. Иалахәын 100-ҩык зых иақәиҭу аиқәԥаҩцәа акапантә категориақәа 10 рҟны.
Атурнир алҵшәақәа рыла, Инал Берзениа игеит актәи аҭыԥ зыкапан 86 кьыла иҟоу рыбжьара, Денис Қәаранӡиа - ахԥатәи аҭыԥ зыкапан 79 кьыла иҟоу рыбжьара.
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа азыҟаиҵоит Ҭемыр Џьопуа.
Аԥсны
Аԥснытәи аспортсменкацәа абокс азы "ахьи" "аџьази" ириааит Аладатәи афедералтә округ аҿы