Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аспортсменкацәа абокс азы "ахьи" "аџьази" ириааит Аладатәи афедералтә округ аҿы

© Foto / Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуДиана Мелконян и Лиана Мкртычян
Диана Мелконян и Лиана Мкртычян - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Аицлабрақәа рҟны аиааира згаз азин роуеит Урыстәыла аԥхьахәгара рхы аладырхәырц.
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменкацәа Лиана Мкртычиан, Диана Мелкониан, Диана Багариан ахьтәы медалқәа ҩбеи аџьазтә медали ириааит абокс азы аҭыԥҳацәа рыбжьара Аладатәи афедералтә округ аԥхьахәгараҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан Анапа жәабран 14-19 рзы иреиӷьӡоу аҭыԥҳацәа қәыԥшқәа 100-ҩык рыбжьара ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Диана Мелкониан дықәгылон 15-16 шықәса зхыҵуаз зыкапан 48 кьыла иҟаз рыбжьара, Лиана Мкртычиан - 13-14 шықәса зхыҵуаз зыкапан 48 кьыла иҟаз рыбжьара, Диана Багариан - 13-14 шықәса зхыҵуаз зыкапан 36 кьыла иҟаз рыбжьара.
Атурнир алҵшәақәа рыла, аԥснытәи аҭыԥҳацәа ахьтәы медалқәа ҩбеи аџьази риааира рылшеит.
Аспортсменкацәа азыҟарҵоит Едуард Депелиани Давид Аҩӡбеи.
Аладатәи афедералтә округ аԥхьахәгарахь аҭыԥҳацәа анеира рылшеит 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы Краснодартәи атәылаҿацә аԥхьахәгараҿы рхы бзианы иахьаадырԥшыз азы. Усҟан Диана Мелкониани Диана Багариани актәи аҭыԥқәа ргеит, Лиана Мкртычиан - аҩбатәи.
Диана Мелконян стала победительницей первенства Краснодарского края по боксу - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аспортсменцәа Ҟәыбан аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0