Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр иусутә ныҟәара хиркәшеит

Жәабран 8 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа дцеит усутә ныҟәарала.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иусутә ныҟәара хиркәшеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Москва иҟазаара иалагӡаны Инал Арӡынба афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аофициалтә хаҿқәеи дырԥылеит, дрылацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьа азҵаарақәа.
Аԥсны
"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара ахықәкқәа рфорум Аԥсны амҩаԥгаразы аилацәажәара мҩаԥыргеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ЕАР Адунеизегьтәи афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, ЕАР ацхрааразы Урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисови. Уаҟа Инал Арӡынба ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала анашьҭымҭа ҟаиҵеит.
Инал Арӡынба иара убасгьы аканал RT аинтервиу аиҭеит.
Жәабран 10 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа русқәеи, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи рзы Афедералтә маҵзура (Россотрудничество) аиҳабы Евгени Примакови еиԥылеит.
Аԥсны
Инал Арӡынба Россотрудничество аиҳабы Евгени Примаков диԥылеит
Арӡынбеи Примакови реиԥылараан иалацәажәеит аусеицура еиҳа активла амҩаԥгара, Аԥсны аҿар инарҭбааны адгылара рыҭара, аинформациатә проектқәа реицымҩаԥгара ирызку азҵаарақәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев.
Аԥсны
Инал Арӡынба диԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра амаӡаныҟәгаҩ хада
Арӡынбеи Мезенцеви ирылацәажәеит уаанӡатәи асоветтә тәылақәа реилахәра азҵаарақәа, иара убас иазгәарҭеит агуманитартәи, аекономикатәи, аинвестициатәи аусеицура арҭбаара хымԥада ишаҭаху.
Инал Арӡынбеи Урыстәыла Аҳәынҭдума ахада ихаҭыԥуаҩ Анна Кузнецовеи реиԥылараан иалацәажәеит асоциалтәи аҿартә политикеи рхырхарҭақәа рыла русеицура аизырҳареи, апарламентбжьаратә еимадара арҿиареи.
Аҩганк ирҳәеит русеицура аизырҳара шхымԥадатәиу, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы амҩақәа шыԥшаалатәу, иазгәаҭоу ахыхраҭақәа рыла реимадарақәа шдырӷәӷәо.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва ателеканал "Russia Today", МИА "Россия сегодня", аинформациатә маҵзура "Sputnik" рредактор хада Маргарита Симониан лԥылараан Аԥсны ААР амедиацентр аусура амеханизм иалацәажәеит.
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Маргарита Симониани Аԥсны ААР амедиацентр аусура амеханизм иалацәажәеит
Хаҭала ирзааҭгылан амедиацентри Урыстәыла аинформациатә маҵзурақәеи реинырра ашьақәыргылара.
Жәабран 16 азы Инал Арӡынбеи Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент адиректор, Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захаровеи алацәажәеит, урыстәылатәи аган ацхыраарала Аԥсны жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәаразы ауснаӡа.