Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит

© Sputnik / Владимир ТрефиловИнал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хада иахь аҳәамҭа нанашьҭит ҳреспублика анаԥшҩык аҳасабала астатус аҭаразы алшара иазхьаԥшырц.
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит, аглобалтә политика алахәылацәа зегьы адунеи ахьчареи уи еиҳа ишәарҭамкәан аҟаҵареи рылдыршарц азы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аканал RT аексклиузивтә интервиу анеиҭоз.
Ахаша жәабран 9 рзы Инал Арӡынба Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Адунеизегьтәи ассоциациақәа рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ацхрааразы урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисов Москва даниԥылоз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада иахь аҳәамҭа ишьҭит ҳреспублика анаԥшҩык аҳасабала астатус аҭаразы алшара иазхьаԥшырц.

"Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Сгәанала, атәылақәа зегьы азин рымазароуп аглобалтә ҩаӡараҿы аиҿцәажәарақәа арылахәхара, ҷыдала Еиду амилаҭқәа реиҿкаара атәы ҳҳәозар. Атәылақәа зегьы ирымазароуп аглобалтә ҩаӡараҟны рыбжьы аргара. Убас ала, сара сгәанала, ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит, аглобалтә политика алахәылацәа зегьы адунеи ахьчареи уи еиҳа ишәарҭамкәан аҟаҵареи рылдыршарц азы", – ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба аинтервиу аан.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иргәалаиршәеит 1992-1993 шш. раан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, Қырҭтәыла анапхгара рыдҵала Аԥсни уи ажәлари зҭадыргылаз аибашьра, ирзынрыжьыз арыцҳарақәа ртәы, аха раԥхьатәи ҳхада Владислав Арӡынба заԥхьа днагылаз ҳҵеицәа ишрылшаз аӷа иҿагыланы ҳаԥсадгьыл аиааира азаагара.
Встреча Министра иностранных дел Республики Абхазия Инала Ардзинба и Вице-президента Всемирной федерации ассоциаций ООН, Первого заместителя председателя Российской ассоциации содействия ООН Алексея Борисова. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Аԥсны
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара ахықәкқәа рфорум Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп
"Убри инаркны ҳҿаԥхьа иӡбатәны иқәгылоу азҵаарақәа рацәоуп, аекономика, асоциалтә усхк, ашәарҭадара уҳәа русқәа рҿы. Абра иазгәаҭатәуп Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ ҳпартниорцәақәаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра шазхарҵаз, Урыстәыла ҳтәыла асоциал-економикатә ҿиареи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рҿы ишҳацхраауа, ари ҳара ҳзы даара аҵакы ӷәӷәа змоу усуп", - иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Арӡынба иара убас иазгәеиҭеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адокумент хадақәа инарықәыршәаны, амилаҭқәа зегьы азин рымоуп рполитикатә ԥсҭазаара, рполитикатә статус аҳәаақәҵара, уи азин жәларбжьаратәи аилазаара алахәцәа зегьы пату ақәырҵароуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0