Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Агәмаа ақыҭақәа рҭацәра, уи иацу ауадаҩрақәа ирызкны

Анхәа ақыҭан инхо Дмитри Агәмаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа иқыҭа иаԥсҭазаашьоу атәы, анхацәа хныҟәгагас ирымоу, насгьы избан рабацәа ргәараҭақәа заанрыжьуа атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.