Аԥсны

Бжьаниа ДЖәРеи ЛЖәРеи рҭагылазаашьа инамаданы амчратә усбарҭақәа анапынҵақәа риҭеит

Амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит ДЖәРеи ЛЖәРеи рҟынтәи рколлегацәеи дареи аимадара шрымоу.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ДЖәРеи ЛЖәРеи рыҟны аҭагылазаашьа аицәахара инамаданы амчратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны АШәМ аҟәша ҷыдақәа, Арратә мчрақәа, Аԥсны ААР аҽазыҟаҵара ҷыдақәа агәҽанҵара рымазарц Қырҭтәыла аганахь ала аичырчара аԥшьгахар.

Аԥсны АҶА ахҵәацәа рыдкыларазы аҭыԥқәа архиарацаз анапынҵа аҭоуп.
АҶА ахада Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, аусбарҭа амаҵурауаа азхиоуп Донецки Лугански ртәылауаа ахҵәара рықәшәозар ацхыраара рыҭаразы.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара