Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Украина еибашьрала ирықәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ЛЖәР-и ДЖәР-и ртәыла иалыргоит аҳәсеи, ахәыҷқәеи абыргцәеи Ростовтәи аобласт ахь, иара убас абџьар зкыр зылшо зегьы рҽеизыргарц адҵа ҟарҵеит.
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Иаҭаххар, Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада Аслан Бжьаниа. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар ибзианы ишырдыруа аибашьреи уи иаанаго арыцҳарақәеи закәу, убри азы уажәы ишьақәгылаз аамҭа цәгьа аан Донбасс иқәынхо ауааԥсыра еилнакаауеит, иагьрыдгылоит.

"Ҳара ҳгәы арҭынчуам Донбасс имҩаԥысуа ахҭысқәа. Иаалырҟьаны Украина аганахьала изҿу аибарххара есааира аӷәӷәахара агәҭынчымра унамҭар залшом. Рыцҳарас иҟалаз, Киев анапхгара аиҿцәажәаратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак аҭышәныртәалара иаартны мап шацәнакуа убартә иҟалеит", - ҳәа ануп ахада иҳәамҭаҟны.

Бжьаниа ишиҳәаз ала, "мраҭашәаратәи ахылаԥшҩцәа рганахьала ргәы азҭаҵо адгылара змоу Украина, хықәкыс ишьҭнахит аҭыԥ аҟны ашәарҭара зхылҵуа апровокациақәа, арӷыӷкрақәа рымҩаԥгара".
Аслан Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит ҳтәыла анапхгара ДЖәР-и ЛЖәР-и реиҳабыреи дареи иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу.
Аԥсны ахада агәыӷра ааирԥшит Киев аҟәыӷареи ахара хәыцреи аарԥшны ҭынч мҩала аимак аҭышәныртәалара ишазнеиуа.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аҟәа азхиоуп Донбасс аибашьра ҵысуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ахҵәацәа рыдкылара
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа шәарҭахеит — Киев уаанӡа изеицықәшаҳаҭхахьаз зегьы мап рыцәкуа, ДЖәР-и ЛЖәР-и иареи рҳәааҿы архәҭақәа жәпакы аргылеит, убри ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп зхархәара ҟамло атехникагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0