Донецктәи аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа аԥжәара ҟалеит

Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аимак аҭыԥ амоуп аа-шықәса раахыс. Аинышәара шьаҭас иамоуп 2015 шықәсазы анапы зҵаҩыз Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа. Уажәы урҭ реилагаразы аганқәа ахара рыдеибаҵоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. ДЖәР аҵакыраҿтәи аҳаиртә баӷәазаҿ аԥжәара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ахҭыс ахьыҟалаз иҟаз акорреспондент иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ажурналист иажәақәа рыла зныктәи аԥжәара аҭыԥ аман.
Уаанӡа ДЖәР Жәлар рмилициа адырра ҟарҵахьан авокзал араион аҿы украинатәи адиверсант ихатәы рҭҟәацга дахаԥжәеит ҳәа.
Ҩаха-ҩымш рыла Урыстәылаҟа 34 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра хҵәаны ицеит
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа еибарххоуп, арҭҟәацбжьы акыр инахаран иуаҳауан. Аҭынч уааԥсыра Урыстәыла аҵакырахь иахыргоит, азеиԥш ҽеизакра рылаҳәоуп, аамҭа-аамҭала ареспубликақәа рҵакырақәа ирылахысуеит.
ДЖәР анапхгара ишырҳәо ала, хара имгакәа Киев Донецки Лугански ареспубликақәа рықәлара гәҭакыс ирымоуп.