Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәРи ЛЖӘРи Путин иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымра азхеиҵарц

Уаанӡа Урыстәыла Аҳәындума Владимир Путин иахь ааԥхьара нанашьҭхьан ареспубликақәа Донецки Лугански разхаҵара шхымԥадатәиу азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рхадацәа Урыстәыла ахада иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымрақәа азхеиҵарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал "Россия 24" аҟны ареспубликақәа рхадацәа злахәыз аефир шьаҭас иҟаҵаны.
Уи адагьы, Денис Пушилини Леонид Пасечники ахәара ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи дареи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц, иара убас аусеицуразы иазгәаҭоу атәылахьчара аусхк аҟынгьы.
ДЖәР ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, жәларбжьаратәи азин нормақәа рышьаҭала Урыстәыла еснагь Донбасс ауааԥсыра ринтерессқәа рыхьчареи ахәдықәҵареи ишадгылоз.
Аԥсны
Аԥсны ААР Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа ахҳәаа анаҭеит
Пушилин иҳәеит 2015 шықәсазы Минск анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра еилаганы украинатәи аган Американтәи арратә цхыраара шаиуа, ишеиларго аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара.
ЛЖәР анапхгаҩы иазгәеиҭеит, Урыстәыла аганахь ала иҟоу ацхыраара иабзоураны, ареспублика агуманитартә рыцҳара ишацәцаз.
Леонид Пасечник иҳәеит, Киев Донбасс иақәларц аҽазыҟаҵарақәа ишаҿу. Урыстәыла аганахь ала ареспублика азхаҵара аиур, иҟалап хыԥхьаӡара рацәала ауаа рҭархара алнамаршар. Ареспубликаҿы 300 000-ҩык урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп.