Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәакәасқьыр Гал апарламент ахь алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы

Ҩажәи жәохәтәи Галтәи алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгаразы араион аҟны аҽазыҟаҵарақәа шцо.
Sputnik
Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы.
"Уажәы аус здаҳуло асиаҟны алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 1 522-а арбоуп абжьыҭара азин змоу. Аҭыԥантәи акомиссиақәа аус руеит, асиақәа Алхратә комиссиа хадахьы иҳашьҭуеит, убасҟан иаҳбоит шаҟаҩы ацлаз, ма иагхаз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара. Ҳгәаанагарала 1500-ҩык рҟынӡа алхыҩцәа ҟалоит", - иҳәеит Кәкәасқьыр.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.