Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит

ДЖәРи ЛЖәРи рреспубликақәа рхадацәа Денис Пушилини Леонид Пасечники Владимир Путин иахь аҳәара ҟарҵахьан аҩ-республикак рхьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵарц.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.
Жәабран 21 аҽны урыстәылатәи ахада Ашәарҭаратә хеилак злахәыз аилатәара мҩаԥигеит. Уаҟа иазааҭгылан ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азхаҵара азҵаара.
Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аимак аашықәса ацара иаҿуп, ари аамҭа иалагӡаны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адыррақәа рыла иҭахахьеит 13 нызқьҩык ауааԥсыра, 44 нызқьҩык аахақәа роуит. Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Урҭ шьаҭас ирымоуп аконституциатә реформа, амца аанкылара, аҳәаа ихьанҭоу абџьар адгара азԥхьагәазҭо Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа.
Донбасс аибарххара еиҳагьы амца ацразҵо Еиду аштатқәеи егьырҭ НАТО атәылақәеи роуп. Урҭ Украина абџьари арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва изныкымкәа арегион бџьарла аиқәыршәара иаҟәыҵырц ааԥхьара ҟанаҵахьеит, уи иахҟьаны Киев ар ажәыларахь анашьҭра шагәанарԥхо азгәаҭо.