АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Урыстәылеи донбасстәи ареспубликақәеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Москва иазханаҵоит Донецки Лугански ареспубликақәа иахьазы рзинмч ахархәара ахьамоу аҳәаақәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААР.
Жәабран 21 азы, Урыстәыла ахада Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь ареспубликақәа рсуверинитет азхеиҵеит. Абри ашьҭахь Урыстәылеи донбасстәи ареспубликақәеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра инапы аҵеиҩит.