Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла ААР егьырҭ атәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ЛЖәРи ДЖәРи азхарҵарц

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство иностранных дел России
Министерство иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански ареспубликақәа рсуверинитет азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит жәабран 21 азы.
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Донецки Лугански ареспубликақәа рсуверинитет азхаҵара имариаз усмызт аха ада ԥсыхәа ыҟамызт. Убри азы Урыстәыла ААР егьырҭ атәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ЛЖәРи ДЖәРи азхарҵарц ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Донецки Лугански ареспубликақәа рсуверинитет азхаҵара имариаз усмызт, аха ада ԥсыхәа ыҟамызт. Ари азхаҵара ареспубликақәа руааԥсыра рҭынч ԥсҭазаареи рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара алзыршо хәдықәҵароуп", - ҳәа аҳәоит Урыстәыла ААР аофициалтә портал.
Путин иқәҵара, раԥхьа иргыланы агуманитартә ҵаҵӷәы амоуп, ареспубликақәа руааԥсыра, зықьҩыла Урыстәыла атәылауаа рыхьчара иазырхоуп, Украинатәи арежим "Донбасс ауадаҩра" амч ахархәарала аӡбра амҩа иану аҟынтә рхақәиҭтәроуп ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Совет Россия - НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Медведев: НАТОи ЕААи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара ҽеила ирызгәнымкылеит
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны еибарххеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит. Жәабран 19 азы азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы.
ДЖәРи ЛЖәРт рхадацәеи Украина ахада Владимир Зеленски ар ажәылараз адҵа риҭар алшоит Донбасс ампыҵахаларазы ҳәа иазыԥхьаӡаны азеиԥш ҽеизакраз адҵа рнапы аҵарҩит.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит аамҭа мгакәа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверинитет азхаҵара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишибо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин абри ашьҭахь инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0