Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәРи ЛЖәРи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит

Владимир Путин асуверинитет аназхаиҵа ашьҭахь Урыстәылеи донбасстәи ареспубликақәеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра инапы аҵеиҩит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22– Sputnik. ДЖәРи ЛЖәРи Жәлар рхеилакқәа Урыстәылеи дареи рыбжьара аиҩызареи аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы азакәанқәа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Донецк имҩаԥысыз Апарламент апленартә еилатәараҿы 87-ҩык адепутатцәа абри азы аӡбра бжьеицҿакла ирыдыркылеит. ЛЖәР Жәлар рхеилак аҟны акәзаргьы бжьеицҿакрыла аратификациа иадгылеит 47-ҩык адепутатцәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит аамҭа мгакәа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверинитет азхаҵара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишибо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин абри ашьҭахь инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны еибарххеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит. Асабша, жәабран 19 азы ДЖәРи ЛЖәРи рхадацәа азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы.
Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аимак аашықәса ацара иаҿуп, ари аамҭа иалагӡаны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адыррақәа рыла, иҭахеит 13 нызқьҩык ауааԥсыра, 44 нызқьҩык аахақәа роуит.
Донбасс аибарххара иацхраауеит ЕААи НАТО егьырҭ атәылақәеи. Урҭ Украина бџьарлеи аинструкторцәеи рыла еиқәдыршәоит. Москва уи аҭакс ус ҟашәымҵан ҳәа изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит.