АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 464-ҩык, урҭ рахьтә 247-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык ачымазцәа 56, 59, 88 шықәса зхыҵуаз ахацәа. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ы, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 52-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 34-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 9-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 22-ы.