Афедерациа Ахеилак урыстәылатәи ар аҳәаанырцә рыҟазаара иақәшаҳаҭхеит

Афедерациа Ахеилак Путин иҟаиҵаз азыҳәала урыстәылатәи ар атәыла анҭыҵ, аҳәаанырцә рыҟазаара иақәшаҳаҭхеит. Ари иаанаго ианаҭаххо аамҭазы ДжәР-и ЛжәР-и ацхыраара рыҭара ауп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Афедерациа Ахеилак Владимир Путин иҟаиҵаз азыҳәала урыстәылатәи ар атәыла анҭыҵ, аҳәаанырцә рыҟазаара иақәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ари азы рыбжьы арҭеит 153-ҩык асенаторцәа. Иаҿагылози зҽаанызкылази ыҟамызт.

Апалата аиҳабы Валентина Матвиенко лажәақәа рыла, азҵаара аартны иахәаԥшаанӡа иара аконституциатә еилазаарала, атәылахьчареи жәларбжьаратәи аусқәеи рзы аилак аҟны иалацәажәахьан.
Аиҿкаарақәа рхыԥхьаӡареи, иахьгылоу араионқәеи, шаҟа аамҭа иҟазаауа уҳәа атәыла ахада аконституциа инақәыршәаны ишьақәирӷәӷәоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц