Аԥсны

Харитон Агрба колумбиатәи аспортсмен дииааит Москва абокс ахәылԥаз аҟны

Ашоу "Лига Ставок. Вечер бокса" мҩаԥысит Москва, аспорттә клуб "Крылья Советов" аҿы жәабран 22 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба Колумбиатәи аспортсмен Браиам Рико дииааит ашоу "Лига Ставок. Вечер бокса" аҿы.
Ақәгылара ишиашоу ицо "Матч ТВ" аефир ала идырбан.
Агрба аҩбатәи араунд аҿы техникатә анокаутла дииааит.
Харитон Агрба – жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, абокс азы Адунеи ахраҿа араӡны ԥхьахә ианаршьахьеит, европатәи ахәмаррақәа рҟны араӡны ԥхьахә даԥсахахьеит, Урыстәыла ачемпионатқәа рыҟны ҩынтә аԥхьахә иоухьеит, астудентцәа рыбжьара ҩынтә адунеи дачемпионхахьеит, атитулқәа WBA-Fedecaribe, WBA Continetal имоуп.
Азанааҭҩаӡаратә ринг аҿы 2019 шықәса раахыс дықәгылоит. Иқәгылараҿы бжьынтә аиааира игахьеит, ԥшьынтә нокаутла.
Аԥсны
Харитон Агрба абоксиортә титул IBF European даиааит