Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра COVID зыдбалоу акарантин шаҟа аамҭа иҟазаауа атәы азгәарҭеит

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 51 284-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 44 083 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 645-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр идҵала COVID-19 марианы изхызго акарантин аҿы 14 мшы еиҵамкәа иҟазароуп, абри азы адырра ҟалҵеит аминистр ицхырааҩ, НИИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, аоперштаб алахәыла Алиса Матуаԥҳа.

"Авирус дельта змоу аҿкы аладырҵәар рылшоит 7 - 11 мшы, омикрон змоу еиҳа еиҵаны. Аха ҳара апациент раԥхьатәи амшқәа инаркны имоу авирус ахьаҳзышьақәмыргыло иахҟьаны акарантин 14 мшы иҟазарц азгәаҳҭеит", – лҳәеит Матуаԥҳа.

Аҟазауаа ишырҳәо ала, аҿкы зыдбалоу 14 мшы ианахыс ашьҭахь ПЦР-тест ҿыц иҟарымҵар алшоит.
"Ачымазара амариара иаанагом авирус алаирҵәом ҳәа. Убри азы ҳуааԥсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа иреиҷаҳаларц", – лҳәеит Матуаԥҳа.
Аԥсны
Апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны COVID-19 аҟынтәи 18 нызқьҩык алаҵа ҟарҵахьеит
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҿкчымазаратә ҟәша аиҳабы Ангелина Оҭырԥҳа лажәақәа рыла, алаҵа ззыҟаҵоу рҟынтәи аӡәгьы ареанимациаҿ дшыҟам.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 66-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 36-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 9-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 22-ҩык.