Аԥсны

Ахәыҷқәеи аҳәсеи: ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа раԥхьатәи агәыԥ Аԥсныҟа иааит

Аԥсны АҶА Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааргеит жәабран 24 азы.
Sputnik
ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа раԥхьатәи ргәыԥ Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҟазаауеит.
Донецки Лугански ауаа алаагарц адҵа ҳаман. Луганскынтә 52-ҩык аагеит, Донецкынтә – 41-ы. Донецкынтәи иааз рҟынтәи 27-ҩык хәыҷқәоуп, Луганскынтәи – 32-ҩык.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа рыдкылареи рымҩаԥгареи азы анапынҵа ҟаиҵеит.