Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҵакыраҿы РИА Новостии "Известиеи" ркорреспондентцәа рмашьына иеихсит

Владимир Путин аԥшьаша ашьыжь арратә операциа ишалаго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит, иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра адиҵеит Украина иахьатәи арежим.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Аинформациатә иаҵзура РИА Новостии аинформациатә портал "Известиеи" ажурналистцәа зықәтәаз амашьына иеихсит, Донецк, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Спартак араион иахьаҵанакуа (Донецк акалҭ аҿы) ҳмашьына ахымца иаршәит, аха аӡәгьы ааха ҳмоуит. Ааигәа апозициақәа ыҟамызт. Ҳмашьына иақәкны ауп ишхысуаз", - иҳәеит РИА Новости акорреспондент.
РИА Новости акорреспондент иажәақәа рыла, икылкааны ажурналистцәа рмашьына иеихсуан.
Украина ар ирҿагыло аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24, ашьыжь.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы.