АҞӘА, жәабран 24- Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла аҵакырахь аҭиразы иааргоз арҩашьыгатә маҭәашьарқәа аҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит, аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ацәгьоура иалахәуп ҳәа агәҩара рыманы иаанкылан: Гәдоуҭа инхоз, 1974 шықәса рзы ииз Адгур Чамагәуа, Москва инхо, 1977 шықәса рзы ииз Наталиа Филиппова. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Чамагәуеи Филлипови заанаҵы еибырҳәахьан, лара Урыстәыла анаркотикатә маҭәашьар аахәаны аҭиразы Аԥсныҟа иалалгалеит.
Аԥҳәыс ҵаҟатәи лцәамаҭәаҿ иҭаҵәахны илыман икьакьаз амаҭәашьар згәылаԥсаз аилаҳәарақәа. Иааидкыланы илыдбалан 49 грамм аметадон.
Азинеилагаҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ианахыс ашьҭахь Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшарзы Аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит. Чамагәуеи Филиппови рганахь ала ашьаус хацыркуп, дара ырбаандаҩуп.
Аҽа тәылауаҩык даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" данахыс ашьҭахь, атәыла аҵакырахь асинтетикатә наркотикқәа иреиуоу – мефедрон анахигоз. АРАА имҩаԥыргаз аоперативтә ԥшаарақәа ирыбзоураны даанкылан 1990 шықәса рзы ииз, Аҟәа инхо Хьымца Агәхаа. Анаркотикқәа закәаншьаҭада аахәара, аҵәахра, амҩангара рзы ашьаус хацыркуп, Агәхаа дырбаандаҩуп.