https://sputnik-abkhazia.info/20220224/khyk-auaa-aankyloup-zakanshaada-anarkotika-asnya-iakhaargoz-azy-1037742015.html
Хҩык ауаа аанкылоуп закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа иахьааргоз азы
Хҩык ауаа аанкылоуп закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа иахьааргоз азы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 24- Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла аҵакырахь аҭиразы иааргоз... 24.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-24T10:00+0300
2022-02-24T10:00+0300
2022-02-24T10:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0a/1033186962_0:0:2597:1460_1920x0_80_0_0_e24495b6af6e44011ae311f80e8b47a2.jpg
АҞӘА, жәабран 24- Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла аҵакырахь аҭиразы иааргоз арҩашьыгатә маҭәашьарқәа аҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит, аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Ацәгьоура иалахәуп ҳәа агәҩара рыманы иаанкылан: Гәдоуҭа инхоз, 1974 шықәса рзы ииз Адгур Чамагәуа, Москва инхо, 1977 шықәса рзы ииз Наталиа Филиппова. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Чамагәуеи Филлипови заанаҵы еибырҳәахьан, лара Урыстәыла анаркотикатә маҭәашьар аахәаны аҭиразы Аԥсныҟа иалалгалеит.Аԥҳәыс ҵаҟатәи лцәамаҭәаҿ иҭаҵәахны илыман икьакьаз амаҭәашьар згәылаԥсаз аилаҳәарақәа. Иааидкыланы илыдбалан 49 грамм аметадон.Азинеилагаҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ианахыс ашьҭахь Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшарзы Аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит. Чамагәуеи Филиппови рганахь ала ашьаус хацыркуп, дара ырбаандаҩуп.Аҽа тәылауаҩык даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" данахыс ашьҭахь, атәыла аҵакырахь асинтетикатә наркотикқәа иреиуоу – мефедрон анахигоз. АРАА имҩаԥыргаз аоперативтә ԥшаарақәа ирыбзоураны даанкылан 1990 шықәса рзы ииз, Аҟәа инхо Хьымца Агәхаа. Анаркотикқәа закәаншьаҭада аахәара, аҵәахра, амҩангара рзы ашьаус хацыркуп, Агәхаа дырбаандаҩуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0a/1033186962_301:0:2248:1460_1920x0_80_0_0_2ab2592fa26f18fc78adaa0fd20fcea7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Хҩык ауаа аанкылоуп закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа иахьааргоз азы
АҞӘА, жәабран 24- Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла аҵакырахь аҭиразы иааргоз арҩашьыгатә маҭәашьарқәа аҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит,
аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ацәгьоура иалахәуп ҳәа агәҩара рыманы иаанкылан: Гәдоуҭа инхоз, 1974 шықәса рзы ииз Адгур Чамагәуа, Москва инхо, 1977 шықәса рзы ииз Наталиа Филиппова. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Чамагәуеи Филлипови заанаҵы еибырҳәахьан, лара Урыстәыла анаркотикатә маҭәашьар аахәаны аҭиразы Аԥсныҟа иалалгалеит.
Аԥҳәыс ҵаҟатәи лцәамаҭәаҿ иҭаҵәахны илыман икьакьаз амаҭәашьар згәылаԥсаз аилаҳәарақәа. Иааидкыланы илыдбалан 49 грамм аметадон.
Азинеилагаҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ианахыс ашьҭахь Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшарзы Аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит. Чамагәуеи Филиппови рганахь ала ашьаус хацыркуп, дара ырбаандаҩуп.
Аҽа тәылауаҩык даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" данахыс ашьҭахь, атәыла аҵакырахь асинтетикатә наркотикқәа иреиуоу – мефедрон анахигоз. АРАА имҩаԥыргаз аоперативтә ԥшаарақәа ирыбзоураны даанкылан 1990 шықәса рзы ииз, Аҟәа инхо Хьымца Агәхаа. Анаркотикқәа закәаншьаҭада аахәара, аҵәахра, амҩангара рзы ашьаус хацыркуп, Агәхаа дырбаандаҩуп.