Путин Донбасс арратә операциа ҷыда иалагоит ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин жәабран 21 азы ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит ДЖәРеи ЛЖәРеи рхьыԥшымра азхаҵара хымԥаданы ишиԥхьаӡо, абри ашьҭахь иахәҭаз Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24- Sputnik. Владимир Путин ателехәаԥшрала урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҵо иҳәеит, Донбасс арратә операциа ҷыда алагаразы аӡбамҭа шидикылаз..

"Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит. Абри инадҳәаланы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ахәҭа 7 ахәҭаҷ 51 инақәыршәаны, Афедерациатә хеилак асанкциа аманы, Афедералтә еизара аратификациа зызнауыз Урыстәылеи ДЖәРеи ЛЖәРеи рыбжьара аиҩызареи аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны арратә операциа ҷыда амҩаԥгаразы аӡбра ҳадаҳкылеит", - иҳәеит Путин.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла ишагәҭакым Украина аоккупациа азура, аха Москва иара адемилитаризациа азура аҽазнашәоит.
"Аоперациа ҷыда иахықәкуп аа-шықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид зызнауаз ауааԥсыра рыхьчара. Убри азы ҳара иалшоны иҟоу ҟаҳҵоит. Аҭынч уааԥсыра рганахь ала Урыстәыла атәылауаа рганахь ала ацәгьоурақәа ҟазҵоз, ашьа зымпыҵыкәкәо рус ӡбатәуп", - иҳәеит Путин.
ДЖәР аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина Арбџьармчқәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иахысыр, аҭак роуеит ҳәа
Путин иажәақәа рыла, Урыстәылеи Украина амилаҭеилыхыҩцәа рымчрақәеи хымԥада еиҿанагалоит, избанзар урҭ Ҟрым еибашьрала архынҳәроуп ирхықәку.
"Ари азҵаара аамҭатәиуп. Дара хиоуп, аамҭа бзиа алкаароуп иззыԥшу. Уажәы аиадертә бџьар аиурагьы рхықәкхеит. Уи ҳара иалҳаршараны ҳаҟаӡам", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла Украина аҟынтә еснагь ашәара аманы аҟазаара алнаршом, Аҩада Атлантикатәи алианс алаларагьы ҟалашьа змам акәны иахәаԥшоит.
Урыстәыла аполитика иашьаҭоуп- ахақәиҭра. Ари азин зегьы еицырзеиԥшзароуп, Украина ауааԥсырагьы абрахь иналаҵаны ҳәа иҳәеит ахада.
"Дарбанызаалак ихы дақәиҭны уаҵәтәи имш, ихшара рымш зеиԥшрахараны иҟоу алихыроуп. Ҳара ари иашоуп ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит – Украина аҵакыраҿ иқәынхо зегьы ирымазароуп ари азин. Изҭаху зегьы", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи ДЖәРи ЛЖәРи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит
Путин иазгәеиҭеит СССР аԥҵараан аума, Адунеитә еибашьра ашьҭыхь аума иахьатәи Украина аҵакыраҿы инхоз ауаа аӡәгьы дырмазҵаацызт – шәыԥсҭазаара шԥажәбо ҳәа.
Ахада иҳәеит дшақәгәыӷуа урыстәылатәи аруаа руалԥшьа шынарыгӡо азы, анагӡаратә мчра хра аманы аусура шымҩаԥнагало азы.
"Ҳаҭыр зқәу сџьынџьуаа, агәра згоит зыԥсадгьыл бзиа избо Арбџьармчқәа рсолдаҭцәеи рафицарцәеи руалԥшьа фырхаҵарыла ишынарыгӡо. Амчра аилазаара зегьы хра аманы русура еиқәдыршәоит", - иҳәеит иара.
Иҟалар зылшо ашьакаҭәара иахьатәи украинатәи арежим иадҵахоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит, иазгәеиҭеит иахьатәи анапхгара рҿаԥхьа акәым ажәлар рҿаԥхьа шакәу ҭоуба ахьыруыз. "Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Шәабацәеи шәабдуцәеи анацистцәа израбашьуаз, ҳзеиԥш ԥсадгьыл зырыхьчоз иахьа Украина амилаҭеилыхыҩцәа рнапаҿы иҟаларц акәӡамызт" ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы Украина аруаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ихынҳәырц, ажәлари атәылеи раӷацәа рыдҵақәа нармыгӡаларц. Иагьазгәеиҭеит ари адҵа иацныҟәо зегьы шәарҭада рҭаацәарақәа рахь рырхынҳәра шалыршахо.
Аԥсны
Лугански Донецки рҟынтәи ахҵәацәа аазго раԥхьатәи автобусқәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит
Путин иҳәеит Урыстәыла ИАР атәылақәа рхьыԥшымра пату шақәиҵо: "ҳара ҳаҭыр-пату ақәаҳҵоит Асовет еидгыла ашьҭахь иаԥҵаз атәылақәа рҭахрақәа, рсуверенитет. Ҿырԥштәуп – Ҟазахстан иаҳҭаз ацхыраара, ашәарҭара ианҭагыла аамҭаз".
НАТО далацәажәо ахада иҳәеит, Алианс Урыстәыла аҳәаақәа ишырзаагәахаз. Москва, 30 шықәса рыҩныҵҟа Алианс аҽамырҭбаараз иалацәажәоит, аха ҭакны иаҳауа мцуп.
"НАТО аҽзеиҵнахуазеи? Зегьы иреиӷьушәа ахы ԥхьаӡаны ахы зымҩаԥнагозеи? Избан аҽаӡәы иинтересқәа рқьышә изықәнаҵо?" ҳәа дҵаауеит Путин.
Иара иажәақәа рыла зегь еилкаауп, ари зегь зыхҟьаз аханатә СССР аԥсыҽхароуп.
"Ииасыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы СССР хәарҽхеит, нас зынӡа еилаҳаит. Иааҟалаз зегьы иахьазы иҵатәхәхеит ҳара ҳзы. Еилыкка иааԥшит амчра аԥсыҽра аҟамзаарахь раԥхьатәи шьаҿаны ишыҟало", - иҳәеит иара.
"Адунеитә мчрақәа рбаланс шьақәҟьан. Ари уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи аус рымуа иҟарҵеит", - иҳәеит иара.
Урыстәыла аӡбрақәа зегь аднакылеит, зегьы ирзыԥшуп ҳәа иҳәеит Путин. "Сгәыӷуеит исҳәаз раҳап ҳәа", - иҳәеит ахада.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц
Мчраны иҟоу иашароуп ҳәа азгәеиҭеит ахада, аиашара Урыстәыла ишатәу агәра го.
"Ҳаҭыр зқәу Урыстәыла ауааԥсыра, аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рыҿара шьагәыҭс иамоуп рабацәеи рабдуцәеи рԥышәеи, ркультуреи рдоуҳаи рдац-ԥашә аӷәӷәара", - иҳәеит иара.
Путин иҳәеит, Донбасс аоперациа алагара инадҳәаланы Апарламенти ауааԥсыреи реилкаара дшақәгәыӷуа.
"Ахааназгьы аҭоурых аҿы ишыҟаз ала Урыстәыла алахьынҵа зыӡбо милаҭрацәала еилоу ажәлар роуп. Ари иаанаго иҳадаҳкылаз аӡбреи ҳхықәкқәеи нагӡахоит, ажәлар ршәарҭадара еиҿкаахоит ауп. Агәра згоит адгылара шсышәҭо, агәра згоит Ҳџьынџь абзиабара ду амчра ду шаҳнаҭо", - иҳәеит иара.