Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лугански Донецки рҟынтәи ахҵәацәа аазго раԥхьатәи автобусқәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит

© Foto / facebook / МЧС АбхазииКолонна МЧС с беженцами из Донбасса
Колонна МЧС с беженцами из Донбасса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭара иахҟьаны аҭынчуааԥсыра ралгара рылаҳәан.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Лугански Донецки рҟынтәи ахҵәацәа аазго раԥхьатәи автобусқәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит жәабран 23 азы, абри атәы аанацҳауеит АҶА аусзуҩцәа.
Лугансктәи жәлар рреспублика аҟнытәи Аԥсныҟа иаагахоит 52-ҩык ахҵәацәа, дара аԥсуа аиқәырхаҩцәа ирыҭан ЛЖәРи Урыстәылеи рҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ Гуково аҟны. Ахҵәацәа 18-ҩык аҳәсеи, 31-ҩык ахәыҷқәеи, тәанчаҩыки ыҟоуп. Иара убас Донецктәи жәлар рреспублика аҟнытәи Аԥсны АҶА ирыҭан 38-ҩык ахҵәацәа, ЛЖәРи Урыстәылеи рҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Успенка" аҟны.
Ауааԥсыра урыстәылатәи аҳәаа аҟынӡа иааргоит, уаҟа Аԥсны АҶА амашьынақәа рзыԥшуп.
© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтобус с беженцами
Автобус с беженцами  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Автобус с беженцами
Жәабран 21 азы Аслан Бжьаниа аиқәырхаратә усбарҭа анапы ианиҵеит аҭынчуааԥсыра ралгаразы ацхыраара ҟарҵарц. Иара убас ахҵәацәа рыдкыларазы аҭыԥқәа архиарацаз адҵа ҟаиҵеит. Аԥсны АҶ рминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа Лугансҟа амҩа дықәлеит, аҳәсеи, ахәыҷқәеи абыргцәеи ралгара аус ахылаԥшра аиҭарц.
Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа раԥхьатәи ргәыԥ аднакылоит. Иазгәаҭоуп ауаа рынхара, рыкрыфара, рмедицинатә цхыраара, рныҟәгара рызҵаарақәа. Луганскнтәи ахҵәацәа Аԥсны иҟазаауеит рреспубликаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәылаанӡа.
Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Аԥсны
"Аиҭар" Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа раԥхьатәи ргәыԥ аднакылоит
Донбасс аибарххара иахҟьаны ЛЖәРеи ДЖәРеи рнапхгаҩцәа ауаа ралгара иалагеит, азеиԥш ҽеизыкра рыларҳәеит. Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьан ахымца аанкыларазы иҟаз аиқәшаҳаҭра Киев ишеиланагоз.
Жәабран 21 азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, Донбасс ареспубликақәа азхаҵоуп рзинмч ахархәара ахьамоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0