АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 348-ҩык, урҭ рахьтә 194-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 67 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 57-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ы, ибжьаратәуп - 36-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 33-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 22-ы.