АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аԥыхуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Жәабран 22 Зеленски иҳәеит, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟнытәи Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааныкларазы азыҳәа шиоуз.
Уи аԥхьа Владимир Путин Донбасс арратә операциа ишалаго азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.