Зеленски Украина аҵакыра зегьы аҿы арратә ҭагылазаашьа рылеиҳәеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Киев
Города мира. Киев - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы.
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Украин ахада Владимир Зеленски Украина аҵакыра зегьы аҿы арратә ҭагылазаашьа рылеиҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Украина аҵакыра зегьы аҿы арратә ҭагылазаашьа алаагалоит", - иҳәеит Зеленски итәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҵо.

Иара иҳәеит Урыстәыла Украина арратә инфраструктура ааха шанаҭаз.
"Урыстәыла ҳарратә инфраструктура ааха анаҭеит, аҳәаахьчаҩцәа иреихсуан. Украина ана-ара атҟәацбыжьқәа уаҳауан", - иҳәеит Зеленски.
Президент РФ В. Путин принял участие в совещании судей судов общей юрисдикции и арбитражных судов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Путин Донбасс арратә операциа ҷыда иалагоит ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит
Украина ахада иҳәеит ашәара аарԥшра аҭахны ишыҟам, атәылахьчара ишахәҭоу еиԥш еиҿкаауп.
"Аҭынчра аҭахуп. Аҩнқәа рҿы шәыҟаз. Ҳара ҳус ҳаҿуп. Ар, ашәарҭадаратәи атәылахьчаратәи хәҭақәа аус руеит. Шәареи сареи ҳаинырра мҩаԥгахалоит. Ҳара ҳаӷәӷәоуп, ҳара зегьы ҳариааиуеит", - аҳәоит Telegram-канал аҿы Зеленски иҟаиҵаз иҳәамҭа.
Зеленски иазгәеиҭеит америкатәи иколлега Џьо Баидени иареи шеицәажәоз, ЕАА ацхыраара ишазыхио.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит". Иара иазгәеиҭеит "абри инадҳәаланы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ахәҭа 7 ахәҭаҷ 51 инақәыршәаны, Афедерациатә хеилак асанкциа аманы, Афедералтә еизара аратификациа зызнауыз Урыстәылеи ДЖәРеи ЛЖәРеи рыбжьара аиҩызареи аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны арратә операциа ҷыда амҩаԥгаразы аӡбра ҳадаҳкылеит. Урыстәыла ахада иҳәеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәара иахьатәи украинатәи арежим иадҵахоит ҳәа. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Донбасс аибарххара иахҟьаны ЛЖәРеи ДЖәРеи рнапхгаҩцәа ауаа ралгара иалагеит, азеиԥш ҽеизыкра рыларҳәеит. Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьан ахымца аанкыларазы иҟаз аиқәшаҳаҭра Киев ишеиланагоз. Жәабран 19 азы ДЖәРеи ЛЖәРеи рхадацәа Урыстәыла ахада иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымра азхаиҵарц.
Жәабран 21 азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, Донбасс ареспубликақәа азхаҵоуп рзинмч ахархәара ахьамоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0