Аԥсны

Аԥсны COVID-19 зыхьуаз даҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 51 618 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 44 789 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 648-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 359-ҩык, урҭ рахьтә 140-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 88, 72 шықәса зхыҵуаз ахацәа.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 48-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 39-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 22-ы.