Аԥсны

Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит

Урыстәыла ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы. Абри атәы Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала.

"ЛЖәРи ДЖәРи рыжәларқәеи ҳареи ҳаиҩызара ҳасаб азуны, аԥхьаҟагьы урҭ рыԥсҭазаара ҳалахәуп ҳәа иԥхьаӡаны, гәыкала ҳашьцәа ашәарҭадареи аизҳареи рзеиӷьашьо, иахьа аусԥҟа снапы аҵазҩит Лугансктәии Донецктәии жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы. Агәра ганы сыҟоуп аԥсуа жәлар зегьы ари аӡбамҭа ишадгыло", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа атәыла аиҳабыра рнапы ианиҵеит иазхаҵоу атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьеи, аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵаразы ашәҟәқәа еиқәдыршәарц.
Аԥсны
Бжьаниа украинатәи аҭагылазаашьа далацәажәеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы
Урыстәыла жәабран 22 инаркны ЛЖәРи ДЖәРи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит.