Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Урыстәыла иреиҳаӡоу аҩаӡарала Украина ацәажәара иазыхиоуп иҳәеит

Украина ахада Владимир Зеленски Владимир Путин аиҿцәажәара идигалеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иреиҳаӡоу аҩаӡарала Урыстәыла Украина ацәажәара иазыхиоуп иҳәеит ҭелла КЖәР ахантәаҩы Си Цзиньпин даниацәажәоз. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

"Урыстәыла азыхиоуп Украина ацәажәара иреиҳаӡоу аҩаӡарала ", - ҳәа Путин иажәақәа ааргоит КЖәР Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Москва аиҿцәажәара иазхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров. Иара иажәақәа рыла, Украина ажәлар азин рымоуп рлахьынҵа рхала аӡбара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски Путин аиҿцәажәара идигалеит
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак